Амҩатә машәыр аԥсыҭбара ацны иҟалеит Аҟәа

© Sputnik / Илона ХварцкияМилиция
Милиция - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҩатә машәыр иахҟьаны аԥсыҭбара ҟалеит Аҟәа, ԥхынҷкәын 17 рзы ҳәа аанацҳаит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 – Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Амҩатә машәыр ҟалеит амҽыша, асааҭ 20.30 рзы Ӡиӡариа имҩаҿы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

Заанаҵтәи аилкаарақәа рыла автомобиль "Митсубиси" аԥсҟы зкыз ижәны дыҟан. Имҩа данысны иаԥхьаҟа иааиуаз автомабиль "Хонда" дажәлеит.

"Амҩатә машәыр иахҟьаны амашьынақәа рыԥсҟы зкыз реиԥш автомобильтә такси "Хонда" апассаџьырцәагьы ахәышәтәырҭахь инаган. Ахәыштәырҭаҟны урҭ руаӡәк иԥсҭазаара далҵит. Иаанхаз рыԥсҭазаарақәа шәарҭа иҭагылам", — ҳәа аҳәоит апресс-маҵзура адырраҭараҟны.

"Митсубиси" аԥсҟы зкыз иакәзар, раԥхьатәи ацхыраара анирҭа ашьҭахь даанкылоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0