Амра Амҷԥҳа, Sputnik
Кандид Ҭарба ихьӡ зху жәлар рыкәашара аҳәынҭқарратә ансамбль "Кавказ" аҳасабырбатә концерт ахәаԥшра афилармониахь инеиз зегьы аазымкуа аҟынӡа азал кәапеишәа иҭәын. "Кавказ" абзиабаҩцәа азыхиан итәаны акәымкәа игыланы аконцерт ахәаԥшра.
2017 шықәса иҭагӡаны ансамбль "Кавказ" Аԥсни иара анҭыҵи 30 рҟынӡа концерт мҩаԥнагеит. Аԥсуа кәашаҩцәа еиуеиԥшым урыстәылатәи ақалақьқәа руааԥсыра иддырбон аԥсуа жәлар рҟазара, рыкәашарақәа.
Аихшьалатә концерт апрограмма аартын "Аԥсны-ныҳәа" акәашара ала. Аномер асолистцәа Мальвина Воуԥҳаи Омар Ҭарбеи ԥсаатәшәа асцена иқәын.
Ансамбль арепертуар аҿы акыр шықәса раахыс иҟоуп адыга жәлар рыкәашара "Исламеи". Ари акәашара еиҳарак иахьынарыгӡо ачарақәа рҟноуп. Ансамбль асолистцәа Ҭамила Џьалаӷаниаԥҳаи Ҭимур Аргәыни рынагӡара рыԥсы ӡаны иазыԥшуан ахәаԥшыҩцәа.
Иҳәатәуп "Кавказ" аномерқәа зегьы напеинҟьарыла ишымҩаԥырго ахәаԥшыҩцәа. Уажәык аҭӡамцқәа хыџ-хыџуама уҳәо акәын ансамбль акәашацәа ишырԥылозгьы, ишынаскьаргозгьы.
Дара акәашацәа ракәзаргьы, асеиԥш адкылара анроу ирылоу зегьы аадырԥшуан.
"Схаҭагьы асценахь снеиндаз сҳәо сгәы азҭарҵеит" — иҳәеит ансамбль уаанӡатәи алахәылак, уажәы хәаԥшҩык иҳасаб ала арахь иааиз.
Ансамбль "Кавказ" адаул асыҩцәа ракәзар, иахәаԥшуаз дыршанхон. Дмитри Торчуа, Алмысхан Ҷкадуа, Саид Адлеиба агравитациа азакәанқәа зегьы наҟ иԥхьарцон.
Аконцерт аҟынтә афотолента шәахәаԥшыр шәылшоит абра>>
Асценаҟны алирикатә кәашара назыгӡоз аҭыԥҳацәа рцынхәрас мацәысеимҟьараны иаацәырҵуеит арԥарацәа.
"Улаԥш рыхьӡом ианыкәашо. Ишԥарылшои", — лхы дазҵаауеит ахәаԥшҩы Асида.
"Кавказ" апрограмма иалоуп Ҭырқәтәыла еиқәырханы ирымоу аԥсуа кәашара. Уи иахьагьы ҳдиаспора рныҳәақәеи рчарақәеи рҟны инарыгӡоит.
Ансамбль "Кавказ" ахәыҷқәа еидызкыло ахореографиатә студиа алахәылацәа ракәзар, аиҳабацәа иаарымакуа асцена дырԥшӡон, ахәаԥшцәа агәахәара рырҭон. Урҭгьы напеинҟьарыла имҩаԥыргон агәышьҭыхра ду ззыруз ахәаԥшыҩцәа.
Ахореографиатә композициа "Икәашоит Кавказ" ихнаркәшеит Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаԥысуаз Кандид Ҭарба ихьӡ зху жәлар рыкәашара аҳәынҭқарратә ансамбль "Кавказ" аҳасабырбатә концерт.
Ахәаԥшцәа рахь ицәырҵит ансамбль артистцәа, ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы, адиректор, "Ахьӡ-Аԥша" ("Честь и Слава") аорден III аҩаӡара занашьоу, Аԥсны жәлар рартист Арвелод Ҭарба раԥхьа дыргыланы. Иара ҭабуп ҳәа раиҳәеит ансамбль аконцерт иахәаԥшырц арахь иааиз зегьы.