Апроект "Ты супер! Танцы" иреиӷьқәоу алыркаауеит

© Фото : PR НТВ"Ты Супер! Танцы"
Ты Супер! Танцы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи апроект "Ты супер! Танцы" аҟны иреиӷьқәоу алыркаауеит асабша, ԥхынҷкәын 23 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 20– Sputnik. Ааигәакәын атәыла зегьы рыгәқәа ҭӡыӡаауа жәларбжьаратәи ашоу "Ты супер! Танцы" ианахәаԥшуаз, уажәы, асабша, ԥхынҷкәын иалыркаараны иҟоуп иреиӷьӡақәоу.

Ателеканал НТВ еиҿнакааит жәларбжьаратәи аконкурс "Ты супер! Танцы". Ателеканал НТВ зқьы инареиҳаны рзаҳал аиуит. Акәашаратә конкурс хылаԥшрадеи рҭаацәа рыдеи инхаз ахәыҷқәа ирнаҭон алшара раԥхьаҟатәи рԥеиԥш аиҭакразы.

Выступление Милены Тачулия в полуфинале Ты супер!Танцы - Sputnik Аҧсны
Милена Тачулиаԥҳа "Ты супер!Танцы" афинал ахь днеит

Аконкурс иалахәхеит акәашаҩцәа қәыԥшцәа 145-ҩык. Аконкурс алахәразы рымчқәа ԥыршәон 13 тәыла рҟынтәи акәашаҩцәа: Урыстәыла, Азербаиџьан, Ермантәыла, Белоруссиа, Ҟазахстан, Киргизиа, Латвиа, Молдавиа, Таџьыкистан, Туркмениа, Узбекистан, Украина, Аԥсны.

Апроект иалахәыз рҟынтәи зегь иреиҵбу алахәыла быжь-шықәса лхыҵуан, иреиҳабу – жәаа-шықәса. Апроект иалахәу зегьы аҟыбаҩ ҷыда змоу хәыҷқәоуп.

"Ты супер! Танцы" – ари лшароуп ауаа рацәа урдырразы, адунеи зыхьӡ ахыҩхьоу ахореографцәа аус рыцуурцаз, аҩызцәа ҿыцқәа уоурц.

Ахаарԥшразы ахәыҷқәа ацхыраара рырҭон апрофессионалтә хареографцәа, арҵаҩцәа.

Ателерадиоеилахәыра НТВ-и амаҵзура Sputnik-и, имҩаԥырго жәларбжьаратәи аконкурс еиднакылоит Урыстәыла, ИАР атәылақәа, Балтиа атәылақәа рҟынтәи аҟыбаҩ бзиа злоу ахәыҷқәа, иагьырнаҭоит алшара аԥеиԥш лашазы.

Аԥснынтәи апроект "Ты супер! Танцы" иалахәхеит 13-шықәса зхыҵуа Милена Тачулиаԥҳаи Леон Қапбеи.

Леон Қапба афиналбжаҟынӡа днаӡеит, Милена Тачулиаԥҳа лакәзар, ҳалзыԥшуп афинал аҿы лықәгылараан ақәҿиара дуқәа лоуп ҳәа.

Уажәазы аӡбра уадаҩ рҿаԥхьа иқәгылоит ажиури алахәылацәа: Кристина Кретова, Егор Дружинин, Евгени Папунаишвили, Анастасиа Заворотниук.

Ажәабжьқәа зегьы
0