АҞӘА, ԥхынҷкәын – 21, Sputnik. Анхара аус сани саби исдырҵеит, уи еснагь иахьынӡа сылшоз пату ақәысҵон иҳәеит, зиубилеи азгәазҭо, Очамчыра араион абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Аполлон Думаа, арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы.
"Схәыҷраамҭазы ауадаҩра дуқәа шыҟазгьы, уи Сталини Бериеи рхаан ауп, уахь сеиҭагьежьындаз ҳәа саназхәыцуа ыҟоуп", — абас ихациркит аиҿцәажәара аиубилиар.
Аполлон Нестор-иԥа Думаа диит 1942 шықәса рзы, Ҭхьына ақыҭан. Ашкол аамҭақәа игәалаиршәо иҳәоит, ихатәы бызшәала аҵара азин шимамыз, хыкласск ус далгеит.
"Уи даара ихьанҭаз аамҭан, Анцәа иҳәоны, сҵара хсыркәшеит аԥсышәала, сқыҭаҿы", — иазгәаиҭеит иара.
Аполлон Думаа далгеит Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҭоурых факультет ала, анаҩс агроном изаанаҭ алагьы аҵара иҵеит. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы аус иуан рҵаҩыс, Аҟәатәи асахьаркыратә ҵараиурҭаҿы, Ҭхьына ашколаҿ. Аполлон Думаа Очамчыра араион аколнхараҿы иусура игәалаиршәо иҳәоит, усҟантәи аамҭаз Очамчыра ақыҭанхамҩаҿы иналукаашаны ишыҟаз.
"Аколнхара ахантәаҩыс сыҟан аашықәса. Ленин ихьӡ зхыз аколнхара, усҟан аус сыцызуаз сыуаажәларгьы саргьы ҳӡырнагеит, 2500 тонн ачаи ҿаҳхуан", — реихьӡарақәа дахыҽхәаауа иазгәаиҭон иара.
Аполлон Думаа иԥсҭазаара акыр шәықәсқәа ақыҭанхамҩа иадҳәалан, уи аамҭа гәыблылагьы игәалаиршәоит.
"Анхацәа рҭацәаара иалҵыз уаҩуп, сара, саныхәыҷыз инакрны ацәмаа скхьан. Анхара аус сани саби исдырҵеит, уи иацу аџьабаа дырны, сусураҿгьы анахаҩы иџьабаа иахьынӡа сылшоз пату ақәысҵон. Асовет аамҭазы анхацәа еиҳа ирацәаны аус руан, аха социаллагьы ихьчан", — иазгәаиҭоит иара.
Аполлон Думаа ихьааигоит, Очамчыра араион ақыҭанхамҩа, усҟантәи аамҭаз еиԥш иахьа аус ахьамуа.
Очамчыра араион абыргцәа рхеилак ахантәаҩы, иԥсҭазаараҿы хаз игоу аамҭа хҵәаханы иаликааит жәлар рмилатҭә хақәиҭратә қәԥара.
"70-тәи ашықәсқәа инадыркны ақырҭцәеи ҳареи аиҿагылара ӷәӷәақәа ҳаухьан. Очамчыра араионаҿ Жәлар рфорум "Аидгылара" аиҿкааҩцәа сыруаӡәкын. Ақырҭцәеи ҳареи акырантә ҳаидтәалан ҳаицәажәахьан, аха еснагь аԥсуаа ҳазҵаара дара ишырҭахыз ирыӡбарц иалагон, ҳара уи ҳуамызт", — иҳәоит ауаажәларратә усзуҩы.
Аполлон Нестор-иԥа иҳәоит аус ахьыулакгьы инаигӡоз инапынҵақәа ҭакԥхықәрала дышрызнеиуаз.
"Насыԥ змоу сакәны схы сыԥхьӡар сылшоит, сан ҳалхыҵит жәҩык ауааԥсыра, сара абыжьбатәи сакун. Сани ашьҭахь, Сталин сан ахәыҷы рацәа змоу лаҳасабала, аԥара лыҭара далагеит, убри азы еснагь исалҳәалон "уара умшуп" ҳәа" уи сыԥсҭазаараҿы анырра снаҭазар ҟалап, — иҳәоит Аполлон Думаа.
"Иахьа смаҭацәа рыла сгәы дууп, схы сазгәаартә сыҟам́, сан 90 шықәса рҟынӡа днеит, саб- 109-нӡа. Сан лышықәса аҟны снеир сҭахгәышьоуп", — ашықәс нҵыра дахлафаауа иазгәаиҭеит аиубилиар.