Баҭал Чежьиа аиааира ҳзааигеит

© Предоставлено Баталом ЧежияБатал Чежия после боя
Батал Чежия после боя - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа бокер Баҭал Чежьиа дызцықәгылоз каерунтәи Даниель Нигат дииааиит, Москва имҩаԥысуаз аиндаҭлараҿы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аԥсуа бокер Баҭал Чежьиа дызцықәгылоз каерунтәи Даниель Нигат дииааиит, Москва имҩаԥысуаз аиндаҭлараҿы. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аԥсны апрофессионалтә бокс азы Афедерациа ахада Алик Карди оглы.

Аԥснытәи аспортсмен Баҭал Чежьиа - Sputnik Аҧсны
Каҷараа: Баҭал Чежьиа аиааира игар иреитинг шьҭыҵуеит

"Ақәԥара мҩаԥысуан ф-раундк рыла. Аҵыхәтәаны еицҿакрыла аиааира Баҭал иаҭәаршьеит", — иҳәеит иара.

Аԥсны апрофессионалтә бокс азы Афедерациа ахада Алик Карди оглы иажәақәа рыла камерунтәи аспортсмен даара дыӷәӷәан, ииааирагьы мариамызт.

"Камерунтәи аспортсмен аҵыхәтәанӡа Баҭал иҽииҭомызт. Ус ишыҟазгьы Баҭал аԥыжәара игеит", — иҳәеит иара.

Ақәгылара ашьҭахь Баҭал агәалаҟара бзиа имоуп.

"Баҭал агәалаҟазаара бзиа имоуп. Иахьа ҳара ҩ-ныҳәак азгәаҳҭоит. Баҭал ииааира адагьы имшироуп. Уажәы ҳара Москватәи аԥсуа диаспора ааԥхьара ахьҳарҭаз ҳцоит, баҭал имширеи ииааиреи азгәаҳҭарц", — иҳәеит Карди оглы.

2018 шықәса рзы Шәача имҩаԥысраны иҟоу апрофессионалтә бокс Адунеизегьтәи асериа далахәхараны дыҟоуп Баҭал Чежьиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0