2018 шықәсазтәи абиуџьет апроект Апарламент иаднакылеит

© Sputnik / Mikhail KutuzovДенежные купюры
Денежные купюры - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара аилатәара мҩаԥысит аԥшьаша, ԥхынҷкәын 28 рзы Аҟәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 28– Sputnik, Бадри Есиава. Аҩбатәи аԥхьарала Апарламент адепутатцәа ирыдыркылеит 2018 шықәсазтәи абиуџьет апроект. Аҭыԥ аҟынтәи абри атәы ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Абиуџьет апроект рыдылгалеит апарламенттә еилакы ахантәаҩы Натали Смырԥҳа.

Лара иазгәалҭеита биуџьет еиҳарак асоциалтә хырхарҭа аманы ишыҟоу. Смырԥҳа лгәаанагарала апроект аҿиаратә ҟазшьа ахьацәмаҷу зыхҟьаз 2017 шықәсазтәи ашықәс иацу ауадаҩрақәа шракәу.

"Ҳара аԥсахрақәа рылаагалеит Апарламент, Ахылаԥшратә палата рсметахь. Урыстәылатәи афинанстә цхыраара иартәараны иҟоуп 4 миллиардки 402 миллион мааҭ", — лҳәеит адепутат.

Адепутат Баҭал Табаӷәуа иҳәеит абиуџьет стагнациатә биуџьетны ишыҟоу, аха ибжьы шиҭиуа, избанзар уи ажәлар рзы ихымԥадатәны иҟоуп.

28-ҩык адепутатцәа абиуџьет азы рыбжьы рҭиит, 4-ҩык мап ацәыркит.

Ажәабжьқәа зегьы
0