Баҭал Чежьиа: иааиԥмырҟьаӡакәа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥызгон

© Sputnik / Томас ТхайцукПресс-конференция о победе Батала Чежия в рейтинговом турнире "Гладиаторы ринга" в Анапе
Пресс-конференция о победе Батала Чежия в рейтинговом турнире Гладиаторы ринга в Анапе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа боксиор Баҭал Чежьиа Москва, ԥхынҷкәын 21 рзы имҩаԥысуаз аицлабраҿы аԥыжәара игеит, ИАР атәылақәеи Аславиан тәылақәеи дырчемпионхеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа боксиор Баҭал Чежьиа арадио Sputnik аинтервиу аҭо еиҭеиҳәеит иқәгыларақәа шымҩаԥысыз атәы.

"Арҭ ақәгыларақәа сҽырзыҟасҵон Москва, ЦСКА аклуб аҟны. Комерунтәи аспортсмен Даниель Негати сареи ҳаиндаҭлара ф-раундк иҟан. Ицәгьамкәагьы имҩасит ҳәа исыԥхьаӡоит", — иҳәеит абоксер.

Аӡбаҩцәа рыӡбрала ф-раундк еихшьаланы Баҭал Чежьиа аиааира игеит.

"Негати сара саасҭа маҷк деиҵоуп. Рацәак иманшәаламызт ицықәгылара. Сара исҭахын аҽа капанк змаз аспортсмен сицықәгыларц, аха ишысҭахыз еиԥш иманшәаламхеит. Ус шакәугьы алҵшәа сгәы ҟанаҵоит", — иҳәеит иара.

Аханатә Баҭал дицықәгылараны дыҟан Қырҭтәылатәи аспортсмен.

"Атурнир алагара ҩымшҟа шагыз аспортсмен именеџьер адырра ҳаиҭеит аицлабра ишалахәымхо азы. Авизақәа рыҟаҵара ҳахьӡом иҳәеит. Аамҭа маҷны ишҳамазгьы Баҭал ицықәгылаша иԥшаара салагеит. Анцәа иџьшьангьы исықәҿиеит" — иҳәеит Аԥсны апрофессионалтә бокс азы Афедерациа аиҳабы Алик Карди оглы.

Иара иазгәеиҭеит Баҭал акомерунец испорттә ҟазшьа шизымдыруаз.

"Ҩымш рыла ҳзыцәшәашеи ҳазцәымшәашеи ҭаҳҵаар акәхеит", — иҳәеит иара.

Ачемпион иира: Баҭал Чежиа ИАР иреиӷьу боксиоруп - Sputnik Аҧсны
Ачемпион иира: Баҭал Чежиа ИАР иреиӷьу боксиоруп

Алик Карди оглы иҳәеит асеиԥшқәа абокс аҿы ишыҟалало.

"Иҟалоит иуцықәгыло данзымаауа, иуцықәгыло дузымԥшаар атурнир узалахәхаӡом. Ҳандаҭлаҩ иқәгыларақәа зегьы абарҭ аҩымш рыла ҳрыхәаԥшит. Игыз-ибзаз ҳбеит" — иҳәоит Карди оглы.

Иара еиҭеиҳәеит ақырҭуа спортсмен Баҭал иеиҳа дшыҳараку, уи азы аҽа тактикак рхы иадырхәараны иҟан, акамерунец еиҳа длаҟәын, ус анакәха уи зынӡа аҽа тактикак ала ицықәгылатәхеит ҳәа.

"Аамҭа маҷны ишҳамазгьы иҳалҳаршаз жәбеит", — иҳәеит иара.

Алик Карди оглы иазгәеиҭеит ақырҭуагьы акомерунецгьы Баҭал иаасҭа аԥышәа шрымаз.

Камерунтәи аспортсмен аҵыхәтәанӡа Баҭал иҽииҭомызт. Ус ишыҟазгьы Баҭал аԥыжәара игеит.

Аԥснытәи абоксиор Баҭал Чежиа Ихьыԥшым Атәылақәа Реидгылеи Аславиан тәылақәеи рчемпион ҳәа ахьӡ ианашьахеит, Москва, ԥхынҷкәын 21 рзы имҩаԥысуаз аицлабраҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0