Аетнолог 2018-тәи ашықәс ззышықәсоу ала иазкны: ахааназы ауаҩы даҭиӡом

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФестиваль собак и людей "Спутники жизни"
Фестиваль собак и людей Спутники жизни - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мрагыларатәи амзар излаҳнарбо ала, 2018-тәи ашықәс, ала иашықәсуп. Ауаҩи алеи реизыҟазаашьа акырӡа шықәса ахыҵуеит, рыпатуеиқәҵашьагьы убас иҟоуп. Ала, еиуеиԥшым ажәларқәа рҟны асимволқәа еицырзеиԥшу шыҟоугьы, дара рхатә ҷыдарақәа рымоуп. Урҭ ртәы дазааҭгылоит аетнограф Цира Габниаԥҳа.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Мрагыларатәи амзар излаҳнарбо ала, 2018-тәи ашықәс, ала иашықәсуп. Ииашаҵәҟьаны, ала аԥсуаа пату зқәырҵо ԥстәуп. Адунеизегьтәи амифологиаҿы уахәаԥшуазар, абзазараҿы, анхараҿы, ауаҩы ала ицын. Аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи зегь раԥхьа ауаҩы, алоуп идиԥхьалаз. Ауаҩи алеи реизыҟазаашьа акырӡа шықәса ахыҵуеит, рыпатуеиқәҵашьагьы убас иҟоуп. Ала, еиуеиԥшым ажәларқәа рҟны асимволқәа еицырзеиԥшу шыҟоугьы, дара рхатә ҷыдарақәа рымоуп.

Новогодние игрушки Илоны Жиба - Sputnik Аҧсны
Ҳгәалашәараҿы инхаз Ашықәс Ҿыц

Аԥсуаа рмифологиаҿы, рлакәқәа рҿы, Нарҭаа репос аҿы, ала ахьыҟам ыҟаӡам. Ауаҩи иареи рызаҟазаашьа убриаҟара аԥсҭазаара иԥнашәахьеит, ахааназы ауаҩы даҭиӡом. Аԥсуаа убас рҳәоит: "Ала ҿнаҭӡом ҳәа ишакәым уазымныҟәароуп". Иара иаҭахәу азҳәаӡом, аха ахаҿы зегьы аҳәоит", — ҳәа азгәалҭоит Габниаԥҳа.

Аԥшәма изы акрызҵазкуа зегьы, алазгьы акраҵанакуеит. Асаби иоума, арахә-ашәахә аума, зегь ахьчоит. Алақәа зегьы еиԥшӡам, ала бзиа акәтыҵәҟьа аанкыланы иафаӡом. Атәым кәытқәа аҩны иааир, ақьышә ала инаргәыҵасуа агәараҭа иқәнацоит.

Аԥсуаа, ала иадырҳәало азхаҵарақәа, ажәаԥҟақәа рацәоуп. Уи абыз хәшәуп ҳәа ирыԥхьаӡоит. Ауаҩы ахәра анимоу, ала абыз ахәра инахьнашьыр, хымԥада иӷьоит ҳәа иԥхьаӡоуп. Имаҷӡам ала иазкны иҳамоу, апозитивтә ҟазшьа змоу ажәабжьқәа.

Цира Габниаԥҳа еиҭалҳәоит лаб иҳәоны илаҳахьоу ажәабжьык. Уи амҳаџьырра аамҭазы акәын. Џьырхәа ақыҭаҿоуп ахҭыс ахьыҟалаз.

"Хәык аҿы еицрыхәхәа инхон абиԥарак. Ҭаҳмада заҵәык дынхеит. Аилашәшәра ианалагалак, ауура иалагозаарын, ақыҭа зегьы абжьы ахыҩуан. Ианаашалак, рԥацхақәа, рыҩнқәа рышәқәа аартымзи, зегьынџьара инены ахы нылакны иныҩнаԥшы-ааԥшуан. Аҭаҳмада иҿы ианнеилак, бысҭа ҿахрак аиҭозаарын, убри аашьҭыхны иаман ицозаарын. Аха ҽнак шьыжьымҭан имааӡеит. Аҭаҳмада дашьҭалан деимдо дышнеиуаз, арахә ахьҭаркуаз абораҿы ачыхәчараҿы иԥсны ицәоушәа ииазаарын. "Унан, уанаџьалбеит, узыԥси, еснагь бысҭа ҿахрак усҭон", — иҳәазаап аҭаҳмада. Изжып ҳәа ианышьҭих, иаиҭоз афатәқәа зегьы убра ишьҭазаарын, иафаӡомызт рыцҳа. Абас, аԥшәма дыгәхьааган иԥсит ала", — лҳәеит аҵарауаҩ.

Аԥшәмацәагы алақәагьы рыҩны иахажәлааит. Ас еиԥш арыцҳара ҟамлааит, ҳажәлар абзиара рԥеиԥшзааит. Ашықәс Ҿыц аԥсуа жәлар абзиарақәа рзаанагааит, аҭышәынтәаларақәа ҟало Анцәа иҳәааит.

Ажәабжьқәа зегьы
0