00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
18:35
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
21:35
2 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Android азы "Аурыс-аԥсуа жәар" ҭыҵит

© Sputnik / Илона ХварцкияРусско-абхазский словарь
Русско-абхазский словарь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мызкы аԥхьа iOS аплатформала ирхиоу "Аурыс-аԥсуа жәар" ажәар ацҵа ӡырнагеит афонд "Аԥсны агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа". Аӡыргара мҩаԥган Sputnik апресс-центр аҟны ԥхынҷкәын 15 рзы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 17 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Android азы "Аурыс-аԥсуа жәар" ҭыҵит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит афонд "Аԥсны агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа" анапхгаҩы Амина Лазԥҳа.

"Мызкы аԥхьа iOS аплатформала ирхиоу "Аурыс-аԥсуа жәар" ацҵа ӡырнагеит афонд "Аԥсны агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа". Убасҟан ҳара иаҳҳәеит иаарласны Android азы "Аурыс-аԥсуа жәар" шыҭҳажьуа атәы", — лҳәеит лара.

Нурбей Ломия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ломиа: 70 нызқь жәа зныло ажәар аелектронтә версиа ҭыжьхоит

Амина Лазԥҳа иазгәалҭеит iOS аплатформала ирхиоу "Аурыс-аԥсуа жәар" ацҵа анҭыҵ ашьҭахь афонд ахь ишынашьҭыз иакымкәа иҩбамкәа агәахәаратә шәҟәқәа.

Android азы "Аурыс-аԥсуа жәар" 72 000 ажәа рыла ишьақәгылоуп. Ажәар аелектронтә шьаҭа аԥырҵеит аҵарауаа Борис Џьонуеи Владимир Касланӡиеи.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩ Кан Ҭаниа иазгәеиҭеит афонд ахырхарҭақәа ишыруаку аҳәынҭқарратә бызшәа аиқәырхара, адгылара, аҿиара аҭара.

Кан Таниа иҳәеит аинформациатә технологиақәа раамҭазы аԥсуа бызшәа аҿиаразы иалшоны иҟоу ҳаамҭазтәи ахархәагақәа зегьы шадгалатәу.

"Ацҵа аус адулара иахьазы иактуалу уснагӡатәуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит. Ԥхьаҟазы ҳара иаҳгәиҭоуп абри ахырхарҭала еиуеиԥшым апроектқәа аус рыдулара", — иҳәеит иара.

iOS-и Android-и рплатформала "Аурыс-аԥсуа жәар" аус адулан Урыстәыла Ахада идепартамент аиҳабы Инал Арӡынба иаԥшьгарала, афонд "Аԥсны агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәеи" абызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә еилаки рыцхыраарала.

Ажәабжьқәа зегьы
0