Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Барцыц "Ассир ҳамҭас" иазкны: ари ӡыргараӡам, ари гәыҳалалроуп

© Sputnik / Томас ТхайцукПресс-конференция об итогах акции БОО "Киараз" "Подари чудо"
Пресс-конференция об итогах акции БОО Киараз Подари чудо - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Кьараз" ашықәс ҿыцаз имҩаԥнаго акциа "Ассир ҳамҭас" ҳа ҳзы ӡыргараӡам, ари гәыҳалалроуп, 20 ҭаацәара аилахәыра аҟнытә ирзыҟаҵан аҳамҭақәа, иҳәеит арадио Sputnik астудиаҟны амобилтә еимадара "Аҟәафон" ахаҭарнак Асҭан Барцыц.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Асҭан Барцыц агәыҳалалратә акциа иазкны

"Ҳара ҳаҟан Лыхны ақыҭан, Дәрыԥшь уҳәа Аԥсны ахыи аҵыхәеи рҿы, хаҭала аҳамҭақәа раҳҭон, ари гәахәара дууп ахәыҷқәа рыччаԥшь абара, ргәы иаахәаша аҟаҵара. Ҵыԥх акциа иалагӡаны 600 ҩык ахәыҷқәа аҳамҭақәа рыҭазгьы, сынтәа 800 ҩык ирзыҟаҵан. Ирацәаны аиҿкаарақәа агәыҳалалратә акциа рхы аладырхәит", — иҳәеит Асҭан Барцыц.
Шәазыӡыҩрла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0