Владимир Макеи: аиҿцәажәарақәа Антрактидаҟагьы ииаугар ауеит

© Sputnik / Сергей Аверин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОтвод военной техники завершился в ДНР
Отвод военной техники завершился в ДНР - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
США Ахада Дональд Трамп игәаанагарала аиҿцәажәарақәа "Минск-1" лҵшәа рымам аганқәа реилибамкаара иахҟьаны. Аиҿцәажәарақәа аҽа ҳәынҭқаррак аҳҭнықалақь ахь ииагатәуп. Беларуссиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Владимир Макеи игәаанагарала аҭагылазаашьа аҭыԥ иқәнаҵар алшоит аганқәа зегьы аибашьра аанкылара рҭаххар.

АҞӘА, ажьырныҳәа 19 — Sputnik. Беларуссиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Владимир Макеи иазгәеиҭеит аиҿцәажәарақәа хра рыманы рыҟалара зыдҳәалоу урҭ аҽа ҭыԥк ахь риагара шакәым, аганқәа зегьы аибашьра аанкылахарц анырҭаххалак ауп зегь анышьақәгылоу иҳәеит иара. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Владимир Макеи аиҿцәажәарақәа аҽа ҭыԥк ахь ииагатәуп ҳәа Трамп иҟаиҵаз аҳәамҭа ахҳәаа аҭо иазгәеиҭеит "уи аҭыԥ Антрактидаҟа ииаугаргьы ауеит" ҳәа.

"Украиназ аиҿцәажәарақәа Антрактидаҟа ииаугаргьы ауеит, уи акраанагозар. Араҟа хадара зманы иҟоу аганқәа гәыцқьала аибашьра аанкылара рҭаххар ауп", — иҳәеит иара.

Президент Америки Дональд Трамп - Sputnik Аҧсны
Трамп: Минсктәи аиҿцәажәарақәа аҽаџьара ииагатәуп

Уаанӡа, США Ахада Дональд Трампи Казахсҭан Ахада Нурсултан Назарбаеви реицәажәараан Трамп иазгәеиҭеит аиҿцәажәарақәа "Минск-1" лҵшәа рымам аганқәа реилибамкаара иахҟьаны, аиҿцәажәарақәа аҽа ҳәынҭқаррак аҳҭнықалақь ахь ииагатәуп ҳәа.

"Аханатә аиҿцәажәарақәа Ҟазахсҭан рымҩаԥгара азыԥхьагәаҭан", — иҳәеит Назарбаев.

Ҟазахсҭан Ахада иазгәеиҭеит Донбассҟа аҭынчреиҿкааратә ар ралагалара дшадгылаҩу. Иара игәаанагарала уи аганқәа реилибакааразы ихәарҭахон.

Донбасстәи аимак аҭышәныртәалара Минск имҩаԥырго "нормандтәи аформат" аҳәаақәа ирҭагӡо аиҿцәажәараҿ изҵаара хаданы иқәгылоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0