Адунеиаҿ зегь раасҭа икьаҿыз аӡиас еиҳагьы еиҵахеит

© Sputnik Томас ТхайцукРека Репруа, самая короткая река в мире через 18 метров от истока впадает в море
Река Репруа, самая короткая река в мире через 18 метров от истока впадает в море - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеи аҿы зегь раасҭа икьаҿу ӡиасны иԥхьаӡоу Раԥырҩа (Репруа) Кавказ иахьаҵанакуа зегь раасҭа ихьшәашәоуҳәагьы иԥхьаӡоуп. Иара ӡынгьы ԥхынгьы 11°С роуп иҟоу.

АҞӘА, ажьырныҳәа 29– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Адунеиаҿ зегь раасҭа икьаҿыз аӡиас Раԥырҩа (Репруа) еиҳагьы еиҵахеит ҳәа Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит АНА аекологиа аинститут адиректор Роман Дбар.

"Уи зыхҟьаз амшын ахьааскьаз ауп. Уажәы аӡиас аура агәаҭаразы аҭҵаарақәа мҩаԥаагароуп", — иҳәеит иара.

Дбар иазгәеиҭеит аԥхынтәи аекспедициақәа русура ишеиднакылаз адыррақәа рацәаны.

"Ҳара иҳауеит адыррақәа зыԥсы ҭаны аӡы иамоу рганахьала. Аӡиас акырӡа ишкьаҿугьы иара апланктонтә ԥстәы хәыҷӡақәа реиԥш абӷашшарадатә ԥстәқәагьы ҭоуп, иуԥылоит аԥсыӡжәлақәагьы", — иҳәеит Дбар.

Аинформациа зегь еизганы аус шадааулалак Гиннес ишәҟәы аныларазы азыҳәа наҳашьҭыр ҳалшоит иҳәеит аҵарауаҩ. Аӡиас уаанӡатәи аура 18 метра инаӡон.

"Аекологиа аинститут аҿы шықәсык аԥхьа иҳазцәырҵит аидеиа – аӡиас аекологиатә паспорт архиаразы. Уажәы уи аганахьала иаҭахны иҟоу аусурақәа ҳарҿуп", — иҳәеит Дбар.

Ажәабжьқәа зегьы
0