Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи рыжәҩа еибырҭоит

© Sputnik / Дмитрий Виноградов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация в Сирии
Ситуация в Сирии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Ахада Владимир Путини Ҭырқәтәыла апрезидент Реджеп Таип Ердогани ҭелла еицәажәон. Атәылақәа рхадацәа реицәажәараан иазгәарҭеит шьамтәылатәи амилаҭтә диалог Аконгресс аусура агәазыҟаҵара шырнаҭази ԥхьаҟазы Шьамтәыла адеескалациа азонақәа русура аиқәыршәара шымҩаԥгатәуи.

АҞӘА, жәабран 1 — Sputnik. Урыстәыла Ахада Владимир Путини Ҭырқәтәыла апрезидент Реджеп Таип Ердогани ҭелла реицәажәараан Шьамтәыла адеескалациа азонақәа русура аиқәыршәара шымҩаԥгатәу иалацәажәеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Кремль апресс-маҵзура адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

"Ирылацәажәан Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи рымчқәа реизакра, астанатәи аформат ала русеицура" ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Урыстәыла Ахада Владимир Путини Ҭырқәтәыла апрезидент Реджеп Таип Ердогани иара убасгьы ргәаанагарақәа еимырдеит атәылақәа рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә усеицура актуалтә темақәа рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0