Приднестровиатәи аибашьра аинвалидцәа Аԥсны ргәабзиара шьақәдыргылоит

© Sputnik / Саида ЖибаВетераны ОВНА из ПМР
Ветераны ОВНА из ПМР - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Приднестровиатәи аибашьра аинвалидцәа, Аԥснытәи ареспубликатә агәабзиара чаԥарҭатә центр аҟны рыхәшәтәра еиҿкаауп.

ГАГРА, жәабран 7 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аԥсни Приднестровиатәи-Молдавиатәи ареспубликеи ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, ажьырныҳәа 29 инаркны, жәабран 12-нӡа, ареспубликатә агәабзиара чаԥарҭатә центр аҟны рыхәшәтәра мҩаԥыслоит 1992 шықәсазы, Приднестровиатәи аибашьра иалахәыз аветеранцәа-аинвалидцәа хҩык.

1993 шықәсазы, Приднестровиатәи-Молдавиатәи ареспублика, аибашьра цонаҵы раԥхьаӡатәихеит ҳтәылеи иареи рыбжьара аиқәшаҳаҭра зыбжьазҵаз. Убри аахижьҭеи, аҩ-республикак ремадареи реиҩызареи еиҳа-еиҳа иӷәӷәахоит.

Аԥсныи Приднестровиеи рыбжьара визада аиҭанеиааиразы Аиқәшаҳаҭра аратификациа азууп - Sputnik Аҧсны
Аԥсныи Приднестровиеи рыбжьара визада аиҭанеиааиразы Аиқәшаҳаҭра аратификациа азууп

2011 шықәсазы, Приднестровиатәи-Молдавиатәи ареспубликеи Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рассоциациеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрала, аҳәаанырцәтәи аинвалидцәа Аԥсны ахәшәтәра иахысуеит, ареспубликатә агәабзиара чаԥарҭатә центр атехникатә-ортопедтә ҟәшаҟны ирзыҟарҵоит апротезқәа. Аинвалидцәа ражәақәа рыла, дара ахә зхыршәаауа апротез злырхуа амаҭәахәқәа роуп, аԥсуа ган рус хәыда-ԥсадоуп.

Приднестровиатәи-Молдавиатәи ареспубликантә иааз агәыԥ напхгара аиҭоит "Аибашьра аинвалидцәеи, Приднестровиа ахьчаҩцәеи" Ареспубликатә Ауаажәларратә Еиҿкаара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Николаи Кушнир.

Иара иажәақәа рыла, Аԥсныҟа раара раԥхьатәи амш инаркны иахьанӡа аԥсуа ган рылаԥш рхыуп. Рынхареи, рыхәшәтәреи, рыфатәи-рыжәтәи аиҿкаара аҩаӡара ҳаракыла иазнеиуп.

Асасцәа ирзымҩаԥыргоит ҳтәыла аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь аныҟәарақәагьы.

"Ҳара Аԥсны аҳәаа ҳахысуеит Приднестровиатәи аҭыԥантәи атәылауаҩшәҟәы ала. Аԥсуа ган аҟны, ҳазусҭцәоу анҭырҵаалак, гәахәарыла ҳрыдыркылоит. Иҳацәажәоит, ҳаԥсҭазаашьа иазҵаауеит. Ажәакала, аешьцәа реиԥш ҳрыԥхьаӡоит", — ҳәа азгәеиҭеит Николаи Кушнир.

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан, ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәа дрывагылан, хатәгәаԥхарала Приднестровиантәи иааз Роман Анатоли-иԥа Ротковски.

Флаги Абхазии и ПМР - Sputnik Аҧсны
Аԥсныи Приднестровиеи рҭоурых акоуп

"Роман Аԥсныҟа иаареи, ҳара ҳтәылаҟны аибашьра аналагази еиқәшәеит. Аха иара зегь акоуп, арыцҳара иҭагылаз аԥсуаа нимыжьит. Ҩызас ирҳаз Руслан Максим-иԥа Барцыци иареи аԥшыхәратә гәыԥ иалалеит. Мшаԥымза, 1993 шықәсазы рҩыџьагьы еицҭахоит. Рыԥсыбаҩ аҭаацәа ироуит мазқәак ааҵуаны. Романи Руслани аб Максим анышә иамеидеит рҭаацәаратә ԥсыжырҭаҟны. Аибашьцәа ианҭаха ашьҭахь иранашьан Леон иорден", — еиҭеиҳәоит "Дубоссаратәи аҭыԥантәи аибашьцәеи, аибашьратә еиҿагыларақәеи ринвалидцәа" Дубоссаратәи ауаажәларратә Еиҿкаара ахантәаҩы Георги Брогуца.

Роман Ротковски иаб Анатоли, иԥа иҳаҭгәын ахь дмааӡацт.

Сынтәа аҩ-ҳәынҭқаррак рыцхыраарала абырг алшара ирҭоит, Барцыцаа рыешьаратә ԥсыжырҭаҟны иԥа анышә дахьамадоу аҭаара.

Ҳтәылаҟны згәабзиара шьақәзыргыло аҳәаанырцәтәи аинвалидцәа иҭабуп ҳәа рарҳәоит аҩ-ҳәынҭқаррак рхадацәеи, Аԥсны иҟоу Приднестровиатәи-Молдавиатәи ареспублика аофициалтә Хаҭарнакра Ахада Гарри Қәпалбеи.

"Аибашьра аинвалидцәеи, Приднестровиа ахьчаҩцәеи" Ареспубликатә Ауаажәларратә Еиҿкаара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Николаи Кушнир иажәақәа рыла, ԥхьаҟагьы дара рҳәынҭқарраҟнытә иазԥхьагәаҭоуп, аибашьра аинвалидцәа гәыԥ-гәыԥла Аԥсны рыхәшәтәра аиҿкаара.

Ажәабжьқәа зегьы
0