Аспорттә абажьаҟазаратә ӡбарҭа аспортсменцәа рашшыԥхьыӡқәа аднамкылеит

© FABRICE COFFRINI / AFPСпортивный арбитражный суд (CAS)
Спортивный арбитражный суд (CAS) - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аспортсменцәа Пхенчхантәи аолимпиатә хәмаррақәа иахьрылахәымхаз азы аспорттә абжьаҟазаратә ӡбарҭа рашшрақәа мап рыцәнакит.

АҞӘА, жәабран 9 — Sputnik. Аспорт азы абжьаҟазаратә ӡбарҭа (CAS) Кореиа иҟоу аилазаара мап ацәыркит урыстәылатәи аспортсменцәа ҩ-гәыԥк Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилакы аганахь ала рашшыԥхьыӡқәа. Актәи агәыԥ иалахәын 32-ҩык аспортсменцәа, аҩбатәи агәыԥ иалахәын 13-ҩык аспортсменцәа. Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилакы арҭ аспортсменцәа аолимпиатә хәмаррақәа – 2018 рахь ааԥхьара рнамҭеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Дмитрий Васильев (Россия) в финале командных соревнований по прыжкам с большого трамплина - Sputnik Аҧсны
Актәи аканал аолимпиада ахәмаррақәа днарбалоит

CAS анҭыҵтәи аилазаара шьақәыган: канадатәи арбитр Керол Робертс, швеицариатәи арбитр Бернхард Велтен, австралиатәи арбитр Зали Стеггалл рыла.

CAS аӡбамҭаҿы иазгәанаҭоит ЖәАЕ (МОК) "Урыстәылатәи аолимпиатә атлетцәа" ҳәа урыстәылаа рзы ишьақәнаргылаз астатус инақәыршәаны ааԥхьара зҭаз рсиа санкциоуп ҳәа узазҳәом ҳәа.

"Урыстәылатәи аолимпиатә еилакы ахәмаррақәа ишрылахәымгьы ЖәАЕ иаӡбеит спортсменцәақәак дара ишьақәдыргыло аԥҟарақәа инарықәыршәаны ахәмаррақәа ирылахәхарц. Абри азҵаара адопинг иаҿагыланы аглобалтә қәԥаразы ЖәАЕ ауснагӡатә хадақәа ируакуп" ҳәа аҳәоит CAS арелиз аҿы.

Адунеизегьтәи антидопингтә маҵзура (WADA) аиҳабы Креиг Риди иазгәеиҭеит CAS аӡбра жәабжь бзианы дшахәаԥшуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0