Гегиаԥҳа: ахәыҷтәы хәышәтәырҭахь инарго рацәаҩуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРеспубликанская детская больница.
Республиканская детская больница. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭахь аиҳарак инарго ахәыҷқәа зшора халан иҟоуи агәаҵәкра змоуи роуп.

АҞӘА, жәабран 12 – Sputnik. Мышкы ахы аҵыхәала ҩынҩажәаҩык рҟынӡа ахәыҷ чымазцәа аннарго ыҟоуп ҳәа радио Sputnik иазеиҭалҳәеит ахәышәтәырҭатә усбарҭа апедиатр Марина Гегиаԥҳа.

Иара убри аан лара иазгәалҭеит иарбанзаалак ҿкы чымазарак аҭыԥ шамам.

"Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭахь аиҳарак инарго ахәыҷқәа зшора халан иҟоуи агәаҵәкра змоуи роуп. Иҟоуп зҷаҷа зыхьуа ахәыҷқәа маҷымкәа. Ҳара ҳҟны аҭаацәа лассы-лассы, аҩны, рхала ахәыҷқәа рыхәышәтәра иалагоит. Ачымазара анрылаҽлак ҳара ҳахь иааргоит. Усеиԥш аан аҳақьымцәагьы ирцәыуадаҩхоит ачымазара ралыргара", — лҳәоит аҳақьым.

Аҳақьым лыҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит абра>>

Ахәыҷы ианиаамҭо ахәышәтәра анимоу ичымазара иалыргара уадаҩуп.

Аҳақьым аҳәара ҟалҵеит аҭаацәа ианаамҭо рхәыҷқәа ахәышәтәырҭахь инаргаларц, аамҭа-аамҭалагьы аполиклиникахь идгылаларц, ианаамҭо алаҵақәа рыларҵаларц.

Ажәабжьқәа зегьы
0