00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
18:35
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
21:35
2 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аҵарауаҩ Владимир Аҵнариа диижьҭеи 80 шықәса ҵит

CC0 / / Стопка книг на столе
Стопка книг на столе - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алитератураҭҵааҩ, афилологиатә наукақәа рдоктор Владимир Аҵнариа диижьҭеи 80 шықәса аҵра амш азы, Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа иҩыза аҵарауаҩ дигәалаиршәеит.

АҞӘА, жәабран 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Алитератураҭҵааҩ, афилологиатә наукақәа рдоктор Владимир Аҵнариа иԥсы ҭазҭгьы иахьа 80 шықәса ихыҵуан.

"Владимир Аҵнариа ҳара Котик ҳәа иаҳҳәон, иара сара хаҭала еиҳа исзааигәаз, исызгәакьаз дреиуан. Иареи сареи Кәтол инаркны аҵара еицаҳҵон, уаҟа хҩык – Владимир Касланӡиа, Котик, сара еиҳа бзиа еибабоз ишьҭибахуаз ҳреиуан. Маҷ-маҷ Аҟәа ҳааит, усҟан ақырҭцәа раамҭа ыҟан, аҵарагьы мариамызт, аха иара ихшыҩ ҵарын", — иҳәеит Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа.

Кәтолтәи ашкол аҟны аҵара анырҵози нахыс акырынтә Владимир Аҵнариеи Мушьни Лашәриеи ашәҟәқәа еимданы ирыԥхьон.

"Иҟоуп Анцәа ирацәаны абаҩхатәрақәа заҭәеишьо, гәыбылрала иаликаауа, Аҵнариа убас иҟаз дреиуан. Рыцҳарас иҟалаз, игәабзиара аганахь ала аԥсыҽрагьа ицишеит, аха даныҷкәыназ аамҭазы акырӡа илиршеит", — азгәеиҭеит уи.

Аԥсуа литературатә критика аҟны Владимир Аҵнариа даара аџьабаа ибеит иусура алҵшәақәагьы наунагӡа амилаҭтә литература аҭҵаара аҭоурых аҟны инхо акоуп, иҳәеит Лашәриа.

Владимир Ацнария - Sputnik Аҧсны
Зыхшыҩ зызрыцҳараз аинтеллигент

"Котик ииҳәарызеишь ҳәа ихәаԥшуан, убас иҟан ибаҩхатәра, убас иҟан идырра аҵаулара. Иара анемец бызшәа аӡеиԥш иҳәон, анемец филологиа Европа еиҳау маҷуп, урҭ рсахьажәа убриаҟара иҳаракуп", — ациҵеит Жәлар рпоет. — Икандидаттә усумҭа Баграт Шьынқәба ирҿиара аҭҵаара иазкуп, анаҩс адоктортә диссертациа аԥсуа жәеинраалеиҿартәышьа иазкуп, ари даара иуадаҩ усуп, Аҵнариа ауама илиршеит, аха зегь дара роуп акәаԥ узыргылаӡом, акәаԥ аурысқәа, анемеццәа ирызмыргылеит ажәеинрала закәу, кәама-ҵамас иаҵоу, аха ӷәӷәала иҭиҵааит".

Мушьни Лашәриа иазгәеиҭеит Владимир Аҵнариа ирҿиаратә ҭынха акырӡа шаҵанакуа аиҭаҭыжьрагьы шаҭаху.

Владимир Аҵнариа иԥсҭазаара далҵит 2006 шықәсазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0