Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аеколог: амшын аҟны аӡсараан ашәарҭадара алзыршо амилаҭтә система аԥҵахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукРоман Дбар
Роман Дбар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аиҳабыреи, Аҭҵарадыррақәа Ракадемиеи, Урыстәылатәи агидрофизикатә институти рхаҭарнакцәа аиқәшаҳаҭра рнапы анырҵеит ҳтәыла амшын аҟны аӡсараан ашәарҭадара алзыршо амилаҭтә система аԥҵаразы. Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут адиректор Роман Дбар Sputnik арадиостудиаҟны дазааҭгылеит асистема аԥҵара хәарҭас иалоу.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Роман Дбар: амшын аҟны аӡсараан ашәарҭадара алзыршо амилаҭтә система аԥҵахоит

"Аҵак ду змоу, иҵаулоу еиқәшаҳаҭроуп, избанзар ҳтәыла амшын иаԥну ҳәынҭқарроуп. Аԥсны иаҵанакуа акваториа аӷба анҭалалак аҩнуҵҟатәи усбырҭақәа ари аӷба мҩаԥыргар ахәҭоуп. Аԥсны аиҳабыреи, Аҭҵарадыррақәа Ракадемиеи, Урыстәылатәи агидрофизикатә институти рхаҭарнакцәеи еиқәҳаршәароуп аконцепциа. Урыстәылатәи аспециалистцәа ари аус аҿы аԥышәа ду рымоуп", — иҳәеит Роман Дбар.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0