Аҩӡба: аԥсуа ԥҳәызба зегь раԥхьаӡа иргыланы милаҭла дшаԥсыуоу лдыруазароуп

© SputnikВладимир Авидзба
Владимир Авидзба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа ҭҵааратә институт ахыҵхырҭа-ҭҵааратә ҟәша аусзуҩ, 20 шықәса Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы Аԥсны хаҭарнакс иҟаз Владимир Аҩӡба аԥсуа ԥҳәыс лхаҭара дазааҭгылоит.

Sputnik

Аԥҳәыс ахшара длоуны, дааӡаны, аԥсҭазаара иҭаны адунеи данықәылҵа нахыс еиҳау хьӡи-ԥшеи ыҟаӡам, фырхаҵарагьы ыҟаӡам, ҳәа иԥҳьаӡоит Владимир Аҩӡба. 

"Ауаажәларратә, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы, аҭаацәарақәа рҿы, аԥҳәыс дахьыҟам шәхаҿы ишәзаагоума? Усҟан, амра мбаӡакәа ашәшьыраҿы изызҳаз ашәаԥыџьаԥ ҳаҩызахон ҳара. Аԥҳәыс аҩнра данца дынхароуп, ахәыҷы длааӡароуп. Муса Џьалиль ҳәа шәҟәыҩҩык дыҟан, дырҳәынҷан анаҩс дыршьит. Даара иҩымҭақәа пату рықәысҵоит. Убри жәеинраалак имоуп "Аԥҳәыс знапаҿы ахәыҷы дызку" ҳәа. Заҟа идуузеи ахшыҩҵак! Аԥҳәыс ахшара длоуны, дааӡаны, аԥсҭазаара иҭаны адунеи данықәылҵа нахыс еиҳау хьӡи-ԥшеи ыҟаӡам, фырхаҵарагьы ыҟаӡам", — иҳәеит Аҩӡба. 

Ҭоурыхла Џьгьарда ақыҭа иалҵыз Сеиҳан Ашәԥҳа - Sputnik Аҧсны
Сеиҳан Ашәԥҳа: Аԥсныдгьыл ааныжьны, сҽамыкәкәааны, сызлацарызеи

Мышқәак раԥхьа Урыстәылатәи ателехәаԥшратә канал аҟынтәи дырраҭарак ыҟан, уи далахәын Аԥснынтә аҭыԥҳа хәыҷы. Даара баҩхатәрала дықәыгыланы ашәа лҳәеит, аӡырҩцәеи ахәаԥшцәеи лыршанхеит. Шәара шәазхәыц уи ахәыҷы лыԥсадгьыл Аԥсны шаҟа ахьӡ ҭылгаз, лара д-Адлеиԥҳауп, Валериа лыхьӡуп. Иара даара длеигәырӷьаны длыхәаԥшуан, игәазхара дизбомызт, аха убри аан дзызхәыцуаз лҭаацәа ракәын. Лани лаби, лыуаажәлари шаҟа агәырӷьара рзаалгазеи?! Анцәа лгәыхәтәы дахьыигӡааит аԥхьаҟа! Абри аҭыԥҳа хәыҷы Аԥснытәуп, даԥсыуоуп ахьырҳәо шаҟа аҵанакуазеи?! 

Ҳара ҳаԥсуараҿы аԥҳәыс еснагь ҳаҭыр лықәҵаны, пату лықәҵаны илызныҟәоит. Ларгьы лхы мацқьа-шьаҵқьа иаалырԥшуан. Дырмит Гәылиа "Камаҷыҷ" аниҩуаз, аԥҳәыс илиҭаз ароль хатәра ахаҵа ииҭар ҟамлоз аха, ахаҵа илымшоз аԥхәыс ианлылшогьы ыҟоуп. Жәытә аахыс Аԥсны зыхьӡ нагаз аҳәса хатәрақәа рацәан, Баалоуԥҳа Мадина леиԥш иҟаз, аԥсуа чаи аҭаҭын аарыхыҩцәа, арҵаҩцәа, ашәаҳәаҩцәа, еиуеиԥшым азанааҭқәа знапы рылакыз аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуцәа.

"Сара дсырҵаҩын Лидиа Платон-иԥҳа Ҷкадуа, лыхьӡ сҳәар сҭахуп аҵарауаҩ, Маргарита Глеб-иԥҳа Ладараиа. Маргарита, лыԥсы шҭоу лбаҟа ҟаҵатәуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ҭамара Платон-иԥҳа Шьаҟрыл. Ус еиԥш шаҟаҩы?! Аԥсны Жәлар рартист Минадора Зыхәԥҳа. Сара разҟыс исыман асценаҿы лара дызлахәыз апиеса аҟны лыцықәгылара. Минадора, ахаҵамԥҳәыс ззырҳәоз лакәын. Игәыҭшьаагоу рольк анлырҭалак, убас еиԥш лхаҿы, лгәаҿы иаалгон, даланахалон, улмырҵәыуар луӡомызт. Мери Аҩӡԥҳа лакәзар, иахьа лыхьӡ аҭоурых иазынхеит. Алеқсандра Наӡаӡеи, дзеиԥш хатәраз шәазхәыц", — иҳәеит Аҩӡба. 

Наиме Барцыц - Sputnik Аҧсны
Наиме Барцыцԥҳа: сылақәа ирбаз ала, сгәы раҳаҭӡа сыҟоуп

Аԥсуа ԥҳәыс аԥсҭазаараҿы лара лхатә ҭыԥ лыман. Иҽыжәлаз аԥсуа ҭыԥҳа лхаҭара акырӡа иҳаракын, аԥсыуа маҭәала деилаҳәаны абыржәы сыбла дыхгылазшәа сааҟалеит. Аха, ажәытә ҵасқәа иахьа зҽызыԥсахыз ыҟоуп. Иахьа, ақалақь уналалар иубарҭоуп заԥсуара иацәымцаз аԥсуа ҭыԥҳацәа, иҟоуп зны-зынла, ах, шьыри, иҵегьы раԥсуара ишаҳәо еиԥш рхымҩаԥгара ыҟандаз ззуҳәаша аҭыԥҳацәагьы, ҳәа азгәеиҭеит Владимир Аҩӡба.

Аԥсуа ԥхәызба дыԥхашьа-ԥхаҵо дыҟазароуп, зегь раԥхьаӡа иргыланы милаҭла дшаԥсыуоу лдыруазароуп, нас уи илыднаҵо аҭакԥхықәра рацәахоит. Сара сгәанала, аԥсуаа еиҳа милаҭла иаҳзааигәоуп ҳәа исыԥхьаӡоит ашаԥсыӷқәа. Урҭ ҳаԥсаура аҟазшьақәа рылоуп. Аибашьра ианалага аламҭалазы, Аԥсны аҳәынҭқарра раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба идҵала, 300-ҩык раҟара ахәыҷқәа сыманы Шаԥсыӷ сцеит. Ҵхыбжьон асааҭ хԥа рзы ҳнеит Кьичмаи ақыҭаҿы. Аҭаацәарақәа еихшаны иргеит ҳхәыҷқәа. Ахаан исхшҭуам урҭ рысасдкылашьа, шаҟа гәыблыла иаҳԥылаз…

"Анцәа сиҳәоит ҳазлаҟоу хаицәаумтәырц. Аԥсуа ԥхәыс дхәышҭаареиқәырхаҩуп, уаҵәтәи амш знапы иану лара лоуп ҳәа ҳлыхәаԥшуеит. Сара исҭахәуп рхы-рыԥсы иақәгәырӷьарц, рыԥсадгьыл иагәазырҳаганы иҟазарц, иахьаҵкыс уаҵәы еиӷьхарц, иԥхашьа-ԥхаҵо амилаҭкәа зегьы ирылыҷҷаауазарц", — ҳәа иажәа хиркәшеит Владимир Аҩӡба. 

Ажәабжьқәа зегьы
0