Ахакерцәа Украина иазкыз Германиа аиҳабыра рдокументқәа рӷьычит

© Sputnik / Екатерина Чеснокова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода мира. Берлин
Города мира. Берлин - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәабранмза анҵәамҭазы еилкаахеит ацәгьоуцәа Германиа аиҳабыра аинформациатә ҳа шышьақәырҟьаз.

АҞӘА, хәажәкыра 12 — Sputnik. ФРГ аиҳабыра рсервер ахакерцәа ажәылара азыруит. Ирӷьычит Brexit аганахь ала Британиа дуи Евроеидгылеи рконсультациақәа рыԥкаанҵақәа иара убасгьы Украина аганахь ала аицәажәарақәа рдокументқәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости ажурнал Spiegel адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Иҟаз адыррақәа рыла ажәылара шымҩаԥгаз аарԥшын 2017 шықәса ԥхынҷкәынмзазы.

Аҭыжьымҭа ишаҳәо ала ахакерцәа ирӷьычит адокументқәа фба.

Уаанӡа амаҵзура DPA адырра ҟанаҵахьан ажәылара мҩаԥнагазар ҟалоит агәыԥ Fancy Bears ҳәа.

Иазгәаҭатәуп "иԥырҽыз" асерверқәа шәарҭадоуп ҳәа ишыԥхьаӡаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0