Марттәи ажәылараҿы иҭахаз Аҟәа иргәаладыршәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЦеремония возложения венков у мемориала в Парке Боевой Славы
Церемония возложения венков у мемориала в Парке Боевой Славы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа Ахьӡ-аԥша апарк аҿы аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәа, Аԥсны ахадара, ауаажәлар ашәҭ-шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

АҞӘА, хәажәкыра 16 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы (1992-1993 шш.) Марттәи ажәылара аан иҭахаз аибашьцәа ргәалашәара иазкыз аусмҩаԥгатә Аҟәа имҩаԥысит иахьа.

Ахьӡ-аԥша апарк аҿы аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәа, Аԥсны ахадара, ауаажәлар ашәҭ-шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

"Марттәи ажәылара аан ҳара Цугуровка ҳаҟан, ҳбатальон Берзениа Амиран хадара азиуан, иара аибашьра ашьҭахь машәырла дҭахеит. Уи дкомандир бзиан, дуаҩы ӷәӷәан, иара иҩызцәа маҷӡан ҳҳәартә иҟоуп. Цугуровка ҳрышьҭит, ҳаԥшын Гәымсҭа ацҳа ала аҷкәынцәа ырны изааскьар ҳаргьы ҳлыбаараны ҳаҟан, аха адҵа ҳарҭеит уа ҳаштәаз шәгьежьыр ауп, ажәылара лҵшәа аимоуит, аҷкәынцәа аҭахара иаҿуп ҳәа", — иҳәеит аибашьра аветеран Нугзар Чачибаиа.

Уи излаиҳәаз ала Гәымсҭа ирраны иҟаз аҩбатәи аешелон ацхыраара рзыҟамҵеит.

"Аиаша ҳәатәуп актәи аешелон иашьҭанеир акәын аҩбатәи, аха уи мнеиӡеит, шьҭахьҟа ихьаҵызгьы ҟалеит. Аҷкәынцәа бзиақәа ҳацәҭахеит, сара усҟан 21 шықәса роуп исхыҵуаз. Сара исықәлаз инадыркны, сеиҳабацәагьы Шәачаҟа имцакәа Аԥсны иаангыланы иҳавагылазҭгьы ибзиахон, амедалқәа ршараҿы ауп џьоукы анаа, урҭ аԥсуаа дырԥхашьазшәа сгәы иабоит сара", — азгәеиҭеит уи.

1993 шықәса март 15 рзы аԥсуа еибашьцәа Гәымсҭа аӡиас ирны Аҟәа ахақәиҭтәразы идәықәлеит, аха ажәылара еиҵахеит. Ацәыӡ дуқәа рыманы март 17-18 рзы аԥсуа архәҭақәа шьҭахьҟа ихьаҵыр акәхеит.

Марттәи ажәылараан иҭахеит 222-ҩык аԥсуа еибашьцәа. Аҭоурых аҿы ари ажәылара лҵшәадоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит, аха аибашьра иалахәыз аветеранцәа рыхәҭак ргәаанагарала, уи иабзоураны Аԥсны Аиааира агаратәы аҭагылазаашьа аԥҵахеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0