Агәыҳәԥы акьыба – Аԥсны аҳәса рыгәҭа еиҳа ирылаҵәаны иҟоу чмазароуп. Аԥҳәыс, мамзаргьы аҭыԥҳа игәалҭазар лгәыҳәԥаҟны акьакьара аҳақьым-амаммолог иахь анеира хымԥадатәиуп.
Аҟәа, Аԥсны амилаҭтә онкологиатә центр аҟны аус зуа аонкомаммолог идагьы иҟоуп ихымԥадатәиу амыругақәа: УЗИ, арентгентә маммографиа, алабораториа. Иара убас араҟа имҩаԥыргоит апункциатә биопсиа. Апункциа шамахамзар агәыҳәԥы ачымазарақәа зегь раан имҩаԥгалатәуп.
Аԥсны аус зуа аҳақьымцәа-амаммологцәа иазгәарҭоит зықәра неихьоу аҳәса реиԥш, иқәыԥшу аҳәса рҟынгьы агәыҳәԥы акьыба чымазара рацәахеит ҳәа.
35-40 шықәса зхыҵуа аҳәса рзы ихымԥадатәиуп УЗИ, арентгентә маммографиа, уи аҳақьым ишиҳәо еиԥш. 40 шықәса рышьҭахь ихымԥадатәиуп ҩышықәса рахь знык арентгентә маммографиа амҩаԥгара. 17-18 шықәса ирҭагылоу аӡӷабцәа ируалуп мызк ахь знык акәзаргьы рхала ргәыҳәԥы агәаҭара.
Ан мамзаргьы ан лаҳәшьа акьыбачымазара лыхьуазар – уи хымԥадатәи аҽгәаҭара аҭахны иҟанаҵоит.
Зегь раасҭа иуадаҩу ҭагылазаашьаны иҟоу аҭыԥантәи ауааԥсыра ихьшәаны аҳақьымцәа рахь иахьнеиуа ауп.
Акьыбамаммологцәа ирҳәоит, иахьатәи аамҭазы агәыҳәԥы акьыбачымазара ахәышәтәра алшоит, аха уи ианаамҭоу аҳақьымцәа уанрыдҵаало ауп ҳәа.