Sputnik
- Акциа хыҵхырҭас иаиуи?
— Хәажәкыра 28 рзы 51 шықәса ҵуеит убри аҩыза аполитикатә акциа гәаӷьны Гагра ианымҩаԥаҳгаз. Ҷыдала иахьазгәаҳҭо ҳәынҭқарратә усуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Избан акәзар убасҟан ауп ԥсабаратәла атопонимика аԥсуа ҭыԥхьыӡқәа Аԥсны аҭоурых иахәҭакны, ихадоу акы акәны иԥхьаӡаны ашьақәыргылара ҳаналага. Ҳхы аҵаҳмырхеит уҳәаратәы иҟоуп.
1967 шықәса рзы хәажәкыра 28 рзы акәын. Аха уаанӡа аҽазыҟаҵара аҭахын, ҳара иаабон ихьысҳаны, хырҩа азырымуа аҩырақәа рҿы икыдӡамкәа Аԥсны ахьынӡа-наӡааӡо игәыгәҭажьны, иатәамбаӡакәа аԥсуа бызшәа иазныҟәон. Зегь рацкьысгьы Гагра араион еиҳа иаабарҭан.
Сара усҟан 1966 шықса рзы аиндустриалтә техникум салган, аргылаҩ изанааҭ ала убрахь сышьҭын, Пицунда амҽхак змаз аргылара мҩаԥысуан. Убра сахьнеиз избеит Қырҭтәылантәи агырцәа, ақырҭцәа ааганы аргылара ишаҿыз. Рбызшәада акы ықәмыҩуа. Аԥсуа газеҭ ыҟамкәа, аҩыраҿқәы рҿы аԥсуа бызшәа ыҟамкәа, қырҭшәалеи урысшәалеи мацара иҟаны, абасеԥш аҭагылазаашьа сақәшәеит. 21 шықса сырҭагылан.
Абра лабҿаба салаԥшны ианызба зны иџьасшьеит, нас сыҩныҵҟа зегьы еилашит, гәаӷшакә ишьҭысхит. Уа са сеиԥш аус зуаз аҵара змаз аԥсуаа ҭыԥ рырҭаӡомызт, ус баша абетон еиладырхуа избеит. Иара Гагра раион аԥсуаа ҳҭарыҩӡомызт, иақырҭуартәхьан.
Абри зегьы лабҿаба ианааба, алитературатә гәыԥ иаҿыҵганы, усгьы аҽакала ҳаизар ҟалаӡомызт, Лӡаа аԥсуаа иҟаз ауаа реизгара салагеит.
Иара абри акциа ҳәа ҳазҿу иадгылоз ауаа ҳаибаԥшааит. Борис Кьехьыр-иԥа ҳәа дыҟан амца зыхҟьоз, аҭоурых аганахь еиҳа еилызкаауаз Бзыԥтәи ашкол аҿгьы директорс дыҟан. Уаанӡа иаадыруан, ашәҟәы рыҩхьан 1947 шықәсазы Ӡиӡариа, Шьаҟрыл, Шьынқәба аха акагьы алымҵӡеит. Аиҳәшьцәа Тамареи Екатеринеи Шьаҟрылԥҳацәагьы ирыҩхьан Сталин иахь иԥсы анҭаз. Хрушьиов ихаан ауп хәыҷӡак аԥсуаа аԥсеивгаха анроу. Иара ҳҭыԥхьыӡқәа ракәымкәа, иара ҳҭоурых ҳалацәажәартә азин ҳамаӡамызт.
Сара сзыхцәажәо ахҭыс 1967 шықәса рзтәи Брежнев данахагылаз акәын. Амилаҭ зҵаара ӡбоуп ҳәа акы уалацәажәар аныҟамлоз акәын. Еицқәаз зегьы ҳхәыцын шҟәыла уажәшьҭа иауам, ҳақәӡуазаргьы шәыга ҟаԥшьыла ақырҭуа нбанқәа ахьану ианаҳхып, абри џьара ҳажәлар ршьапы иқәнаргылозар аабап, џьара еиҭакрак ҳбызшәа аҳаҭыр ҳаразкуа ҳзыҟаҵозар ҳәа ҳҽазаҳшәон. Убри амҩа ылаҳхит, шәҟәыла ишамуаз аабахьан.
Ари ишәарҭаз усын. Ҳҭанакуан. Агәра ганы ҳаҟаӡамызт иманшәаланы иҟалоит ҳәа. Иҳаӡбеит џьара ҳаизаны ҳшеибамҭииуаз. Убри акциа иалахәыз иахьа зыԥсы ҭаны Закан Агрба, Закан Абӷаџьаа, уажә ааигәа Шурик Цкуа даҳцәыԥсит. Гагра араион Бзыԥҭа инаркны Ԥсоунӡа иҳаӡбеит, ҳаҽшаны уахыкала, сааҭк ала цхабжьон иақәыршәаны, ақырҭуа ҩырақәа ашәыга ҟаԥшьыла иаҵшьны ҳалгоит ҳәа.
Абас иагьыҟаҳҵеит хәажәкыра 28 1967 шықәсазы. Бзыԥ Борис Кьехьыр-иԥа иакәын ихадаз, алада – Лӡаа, Пицунда сара напхгара асҭар акәын. Пицунда акурортқәа, апансионатқәа ақырҭуа цәа рхаҵаны, исахьаркны абҩа, аџьаз иалхны, аемблемақәа Зураб Ҵереҭели ирзыҟаиҵеит. Аԥсшьарҭа ҩнқәы ақырҭуа хьӡқәа рыхьӡыртәит Абхазеҭи, Евериа, Колхеҭи.
- Убарҭ аҩаракәа анышәҵәаӷәа ашьҭахь идырбаандаҩыз ҟалеит, шәара шәрылазма урҭ?
— Иҵәаӷәаны ҳаналга, адырҩаҽны ақырҭқәа уи ирымбози, ихагахеит, ари ҟазҵо ԥсыуак дҟалахьеит, аԥсуаа рҽеибырҭахьеит ҳәа иҟаӡамызт, хыла-гәыла еиланаҵеит. Дазусҭо ԥсыуоу ақырҭуа изы знапы шьҭызхыз, аҵшьра згәыӷьыз ҳәа абас акаамеҭ ҟаҵо, адырҩаҽны хәажәкыра 29 рзы ҳраион ахь амашьынақәа алагьежьуа, амилициа ашьапы иқәыргыланы, лабҿаба избаз ауп.
Сара ашәыгала Пицунда акурорт уахьҭало Қарҭ ахсаала аус ахьызуаз асваршьик дыԥшааны, уаҩ дзахәамԥшуа иҟасҵеит. Убас даҽа акырџьара. Асааҭ ԥшьаб рзы сус салганы сҽеиҭакны суадахь снеит. Аха ҳуаӡәы Абӷаџьаа ашәыга идырбалт, дҭаркит, афургон аԥсҟы зкыз Шурик Цкуагьы дҭаркит.
Борис Кьехьыр-иԥеи сареи, Ҳараз Чамагәуеи Бзыԥҭаҟа узлаҭало амҩаҿы ҳаиқәшәеит ҳҩызцәа ҭырмыжьуашәа анааба, аус цәгьахоушәа ҳбеит. Иҟаҳҵои ҳҳәан, ажәлар ршьапы иқәҳаргылеит. Абыргцәа ҳаҭыр зқәырҵаша ауаа Гагра араион аиҳабырахь инаҳшьҭит.
Аха акагьы алымҵит, ахымш азы ауха маӡала ҳаиқәшәаны ауаа ршьапы иқәҳаргылап ҳәа ҳаӡбеит. Пицундантәи Заур Ҭарба ҳәа дыҟан, Аҟәа сааит. Ара инхоз аԥсуаагьы ҳадгылеит. Хәажәкыра 31 мшаԥымза 1 азы ауаа Аҟәа иҟалоит сҳәеит. Ажәлар уаҩы изнымкыло, втобуслома, шьапылоума идәықәлеит. 1967 шықса мшаԥымза 1 азы Аҟәаҟа аԥсуаа ааит, зегь раҵкьысгьы Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рҟынтә. Аԥсны иахагылақәаз Қарҭҟа ирыԥхьан иҟан, ара иҟаз аҩбатәи амаӡаныҟәгаҩ иакәын.
Сара акгьы сыӡбаӡом иҳәеит. Сталин дыԥсижьтеи ас аԥсуаа ықәымгылацызт, рыжәҩахыр еидкыланы, рдоуҳатә мчы Аԥсны иқәыҩуа рымбаӡацызт. Аҩбатәи амаӡаныҟәгаҩ Қарҭҟа дасит, ирцәымыӷхан, уаанӡа "в парошок стереть", акаамеҭ рзаашәымцар ҟалаӡом аԥсуаа ҳәа зҳәоз, мшаԥымза 1 азы ачкәынцәа аурыжьҭит.
Абжьыуаагьы дәықәлеит Аҟәа аԥсуаа шеизоз заҳаз. Ауаа Аҟәа ирацәахеит. Аҭоурых ианхалеит "мшаԥымзатәи ахҭысқәа" ҳәа, убасҟантәи Гагратәи аполитикатә акциа ақырҭуа ҩырақәы ашәыга ҟаԥшь рыхьшьра иахылҿиааз. Уи мшаԥымзатәи ахҭысқәа рнаҩс Москваҟа ашәҟәы шьҭра ахылҿиааит, аха уи даҽа ҭоурыхуп.
Архив аҟнытә.