Ақаҩба: Қарҭаа амч ахамырхәараз атекст дара ишырҭаху еилыркаауеит

© МИД АбхазииАбхазская делегация на Женевских дискуссиях
Абхазская делегация на Женевских дискуссиях - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба қарҭаа амч ахамырхәараз адокумент анапаҵаҩра мап ахьацәыркыз ахҳәаа аҭо иазгәеиҭеит қарҭаа адокумент атекст дара ишырҭаху шакәу ишеилыркаауа. Иара иҳәеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рнапы аҵарымҩыкәа адокумент иарбанызаалак зинтә шьаҭак шамам.

АҞӘА, хәажәкыра 28— Sputnik.Бадраҟ Аҩӡба. Ақырҭуа ган амч ахамырхәараз адокумент анапаҵаҩра мап ахьацәыркыз ахҳәаа аҭо Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба иазгәеиҭеит Қарҭаа адокумент атекст дара ишырҭаху шакәу ишеилыркаауа. Иара иҳәеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рнапы аҵарымҩыкәа адокумент иарбанызаалак зинтә шьаҭак шамам.

Здание министерства иностранных дел РФ на Смоленской-Сенной площади в Москве. - Sputnik Аҧсны
Қырҭтәыла хықәкыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыҿцәажәара иалагароуп

"Ақырҭуа ган дҵаны иҟанаҵоит аԥхьа – аицҳәамҭа, нас –аиқәшаҳаҭра Қырҭтәылеи Урыстәылеи рнапы аҵарҩырц. Ҳара уи усеиԥш ҟалашьа аманы иаабом. Урыстәыла аимак иалахәыланы иҟам, убри инадҳәаланы аиқәшаҳаҭрагьы анапы аҵанаҩраны иҟам", — иҳәеит Ақаҩба.

Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи аламырхәыкәа адокумент анапаҵаҩра хра аманы иҟам ҳәа ишьоит адипломат.

"Аимак зыбжьаз Қырҭтәылеи Аԥсни Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи роуп. Ус анакәха абарҭ аганқәа роуп адокументгьы знапы аҵазҩыша. Абри ауп иахьазы иаҳзеимакыроу. Ақырҭуа ган атекст дара ишырнаало еилыркаар рҭахуп", — иҳәеит аминистр.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны амч ахамырхәараз ҿырҳәалатәи аицҳәамҭа ҟалап ҳәа иазыԥшын.

Здание Объединенных Наций (ООН) в Женеве - Sputnik Аҧсны
Қарҭаа амч ахамырхәараз адокумент анапаҵҩра мап ацәыркит

2018 шықәса хәажәкыра 21 рзы ақырҭуа ган аҳәамҭа ҟанаҵеит амч ахамырхәараз аиқәшаҳаҭра алацәажәара ишазыхио азы.

Уаанӡа агазеҭ "Коммерсант" аҳәамҭа ҟанаҵахьан акраамҭа иззыԥшыз аицҳәамҭа азырхиара иаҿуп ҳәа.

Қырҭтәыла акәзар, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи 2008 шықәса рышьҭахь аоккупациа зызуу Қырҭтәыла ахәҭакқәа ҳәа ирыхәаԥшуеит.

Амч ахамырхәаразы аҳәамҭа Женева имҩаԥысуа аилацәажәарақәа ирызҵаара хаданы ишыҟац иаанхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0