Ақаҩба: Урыстәылеи ҳареи ҳабжьара арратә еинырра иацҵахоит

© Фото : предоставлено: Пресс-служба ЮВОРоссийские артиллеристы ЮВО в Абхазии в условиях горно-лесистой местности уничтожили подземные командные пункты условного противника
Российские артиллеристы ЮВО в Абхазии в условиях горно-лесистой местности уничтожили подземные командные пункты условного противника - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2018 шықәса хәажәкыра 27-28 рзы имҩаԥысит изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа.

АҞӘА, хәажәкыра 29 – Sputnik. 2018 шықәса хәажәкыра 27-28 рзы имҩаԥысит изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба аиҿцәажәарақәа рымҩаԥысраан иҳәеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара арратә еинырра еиҳагьы ишацҵахо.

Абхазская делегация на Женевских дискуссиях - Sputnik Аҧсны
Ақаҩба: Қарҭаа амч ахамырхәараз атекст дара ишырҭаху еилыркаауеит

"Қырҭтәылеи Аԥсни амч ахамырхәаразы ҿырҳәалатәи аицҳәамҭа аҟаҵараҵәҟьа анрылымшо, иара убри аан Қырҭтәыла НАТО алалара хықәкны ианаԥхьаӡо, оумашәа избатәузеи Урыстәылеи ҳареи абри аганахь ала ҳаинырра. Урыстәылеи Аԥсни русеицура ҵаҵӷәыс иамоуп жәларбжьаратәи азин анормақәа ирықәшәо ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭрақәа. Урҭ рыла иубарҭоуп ҳшәарҭадара ахьчара иадгыло Урыстәыла заҵәык шакәу", — иҳәеит Даур Ақаҩба.

Аиҿцәажәарақәа раан ишьҭыхын закәан ҵаҵӷәыда аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра азҵаарақәагьы.

Иара убасгьы аминистр ацхантәаҩцәа азхьеирԥшит аҳасабырбақәа реиҿкаараанрхы иадырхәо аббравиатурақәеи аформулировкақәеи еиҳа ҭакԥхықәрала ирызнеиларц.

"Егры аӡиас иаваршәны ицо административтә ҳәаа акәӡам, аҳәынҭқарратә ҳәаа ауп", — иҳәеит иара.

Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Владимир Арлан иара убасгьы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа идирдырит аҳәынҭқарратә ҳәаа иахьатәи аамҭа иақәшәо аиҿкаара ашәарҭадара азҵаарақәа жәпакы шаԥнахыз.

"Аҵыхәтәантәи 9 шықәса рстатистика уахәаԥшуазар, иубарҭоуп Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә отриад аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчараҿ ианыргылаха ашьҭахь иаагәоуҭартә еиԥш илаҟәит ацәгьоура хьанҭақәа", — иҳәеит иара.

Ушьҭантәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа азыԥхьагәаҭоуп 2018 шықәса рашәарамзазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0