Аҭырқәа сериал: аԥсуа ҩнԥҳәыс лыԥсы лзыршьаз

© Фото : top-reytingТурецкий сериал "Великолепный век"
Турецкий сериал Великолепный век - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ҩнаҭацԥхьаӡа, аҭырқәа Сулҭан Сулеимани, иҳәсацәа Хиуреми, Махидеврани, Азир Баразоглыи, Дила Ҳаными уҳәа асериалқәа рфырхацәа рыӡбахә заҳац, урҭ рыԥсҭазаареи рлахьынҵеи хьаас измам дыҟам.

 Саида Жьиԥҳа, Sputnik

— Аумацәҟьа шԥаҟаиҵеи, агәымха иара! Ауаҩы хазына дышԥаеихси…

— Ибымҳәан бара, цас ауашәа атапанчагьы илаԥш иҵашәар акәын…

Абас, ҩыџьа аҳәсацәа ахәшәтәырҭаҟны, аԥҟарҭа аԥхьа рхы еидҵаны, иаӷьуа еицәажәон.

Унан, иҟалазеи анаџьалбеит, ҳәа аҳәса реицәажәара злымҳа иҭасыз Русҭам ажәабжь хьааигеит. Ирхәыз иԥсы ҭоума, дызжәлада ҳәа дҵаарц шигәиҭаз, руаӡәы, ах, Азир Баразоглы, дҭаркуанда шьири, ҳәа лыбжьы аалыргеит.

"Аумацәҟьа шԥаҟалеи, сара ԥсыуаак рыбжьара рыцҳарак ҟалаз џьысшьеит, дара рчымазаҩ дырхашҭны аҭырқәа фильм афырхацәа рразҟы акәзаап ихьаарго" — иҳәан, дышгәрымуаз днырԥырҵит. Нас ари ахҭыс алаф ахҳәаауа иҩызцәа иаҳзеиҭеиҳәеит.

Асоциалтә ҳа Феисбук - Sputnik Аҧсны
Анегатив иашьцылаз

Аԥсны ҩнаҭацыԥхьаӡа, аҭырқәа Сулҭан Сулеимани, иҳәсацәа Хиуреми, Махидеврани, Азир Баразоглыи, Дила Ҳаными уҳәа асериалқәа рфырхацәа рыӡбахә заҳац, урҭ рыԥсҭазаареи рлахьынҵеи хьаас измам дыҟам.

Гагра ақалақь акомпиутерқәеи, аинтернети ирымадоуи, ауаажәлар атехникатә маҵзура рзаарԥшреи рзы аофис аԥшәма Џьон Чепиа иаҳзеиҭеиҳәеит хәбаҟа шықәса раԥхьа, есыҽны, еибыҳәаны иҟазшәа, жәаҩыла аҳәсеи аҭыԥҳацәеи аҭырқәа сериалқәа ишрыдҵаалоз.

"Уамашәа иубаратәы, еиҳараӡак ақыҭаҳәсацәа ракәын адискқәа ирышьҭаз. Саргьы хара имгакәа, Шәача сцаны, уажәшьҭа ибзиаӡаны зыӡбахә саҳахьаз, зыхьӡқәа здыруаз афильмқәа хәҭа-хәҭала еизакны иаазгеит. Аха усҟан сгәы иаанагомызт, дара срышьҭаланы лассы-лассы ацара сықәшәоит ҳәа. Мчыбжьык аҩнуҵҟа шәкы рҟынӡа адискқәа аархәон. Исгәалашәоит, зны ԥҳәыс быргк илҭахыз ахәҭа анылмоу, шаҟа дгәамҵыз. Исхароу сыздыруам, аха ацтәы сылалхит", — алаф ахҳәаауа игәалашәоит Џьон.

Зынгьы, хаҵак дааҩналан, "абарҭ аҭырқәа сериалқәа рыда иуҭиуа умаӡамеи, шықәсык ҵуеит сыԥшәма аҭырқәа кино дахашәаланы ишахәҭоу афатә ҟалымҵеижьҭеи, ачгара ҳгәы ԥнаҵәеит", — ҳәа иҳәазаап. Аиашазы, аҭырқәа сериалқәа, аҿкы чымазара еиԥш ирылалеит аҳәса зегьы. Уахь хымԥада даҵанакуеит сангьы.

Зны, "Дила Ҳаным" ҳәа сериалк зныз адиск аӡәы ҳамҭас илылҭеит. Даадымҵуа ахәаԥшра даҿын, саргьы саланагалеит. Абар, уабаржәы афинал ахь инеиуеит, амаӡақәа зегьы аартхоит ҳәа сыштәаз, акараҳәа иаашеит, афильмгьы еиҳа аинтересс ахьаҵаз аамҭаҟны иҿахҵәеит. Излеилкаахаз ала, уи ҩышә сериа амазаарын, иара урҭгьы макьана иҭымҵкәа иҟан. Убасҟан, уаҳа аҭырқәа сериалқәа сышрыхәамԥшуа ҳәа акәаԥ сыргылеит.

Аха, сан дрыцҳасшьан, хкы-хкыла аҭырқәа сериалқәа ахы инаркны аҵыхәанӡа иахьаныз адискқәа лзаасхәеит, шықәсыкынӡа илызхоз џьшьа. Аха мызкала дахәаԥшзаап. Анаҩс аиҭахәаԥшра лҽазылкт. Исыздыруам ҳахькылеибагоз, аԥхынразы, ҳаҩны иҩназ аԥсшьаҩцәа адискқәа ӡаны ирымгазҭгьы.

Аҭырқәа сериалқәа зхы иҭалаз аҳәса гәыԥҩык сразҵааит, ирыдыжәбалеи ҳәа. Џьоукы, дареи ҳареи ҳҵасқәа еиқәҿырҭоит рҳәоит, џьоукы актиорцәа рыԥшӡара ихнахуеит, егьырҭ рыбзазара ргәаԥхоит.

"Ҩба-хԥа сериа ҳахәаԥшны ҳзадҵӡом, амхылдыз еиԥш аекран ҳадҷаблоит. Афильмқәа рҟны, дареи ҳареи ҳаԥсҭазаара убас еиԥшуп, ҳгәылацәеи, ҳҭынхацәеи ракәушәа иаҳбоит, убри ауп иҳахьыз", — рҳәоит.

Аха ус егьа иҟазаргьы, ухатә ԥсҭазаара аасҭа ихазыноу иҟоузеи…

ҭырқәтәылатәи актиор Аҳмеҭ Кәытси Карадага - Sputnik Аҧсны
"Сгәы иҭоу Дениз" аԥсышәала ицәажәеит

Абар даҽа ҿырԥштәык

Сгәыла ԥҳәыс ланхәа, аҭырқәа сериалқәа арыхәаԥшра даналага, мчыбжьыла ауада ддәылҵуамызт. Уаҟа анхәеи аҭацеи реизыҟазаашьақәа рыла, лхатә ҭаца ацәаҳәа дықәыргыланы длымазаарын, адҵақәа лыҭо.

Ҳаҭыр зқәу асериалқәа рыбзиабаҩцәа! Шәара шәинтересқәа хымԥада ицәгьоу ҳәа акагьы рыҵам, аха ихыҭҳәаау, атәым ԥсҭазаара шәахьынӡацклаԥшуа, шәхатәы шәоушәмыжьын.

Џьон Чепиа аҭырқәа серилақәа зну адискқәа рыҭира даҟәыҵит. Ахацәа еизыразхан, ирыӡбеит, аԥҳәыс лҭыԥ амаҵурҭа аҟноуп иахьыҟоу ҳәа. Иахьа Џьон иҟны агәаран иқәгылоу, акомпиутертә хәмаррақәа зну адискқәа аазхәо ахацәа роуп.

Аха шәгәы шәажьеит, адиск ииасхьоу аамҭа иагеит, иахьатәи аԥҳәыс аинтернет ахархәашьа шылҵаз шәхашәмыршҭын, уаҟа иаалҭахыу зегьы лыԥшаауеит!

Ажәабжьқәа зегьы
0