Иахьа адунеи аҟны Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы литература амш азгәарҭоит

© Sputnik / Томас ТхайцукДетские книги на абхазском языке
Детские книги на абхазском языке - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеи аҟны Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы литература амш азгәарҭоит еицырдыруа алакәқәа раԥҵаҩы Ганс Христиан Андерсен имш иира мшаԥымза 2 аҽны.

Ашәҟәы аԥхьара зегьы ирыцкуп, уи ауаҩы идунеихәаԥшышьа арҭбаауеит, ихатәы бызшәахьы агәыбылра инаркуеит, уи ала дхәыцуа дыҩуа дҟалоит. Убри азын ихымԥадатәиуп, ҷыдала ахылаԥшра аҭахыуп ахәыҷқәа рзы иҭыҵуа ашәҟәқәа, уи злаҩу абызшәа ласызар ауп, агәынкылара мариазар ауп.

Sputnik

Дыҟамзар ҟалап "Алиса в стране чудес", "Руслан и Людмила", "Робинзон Крузо" уҳәа ахәыҷқәа ирызку еицырдыруа аҩымҭақәа ирмыԥхьац. Адунеи аҟны ирацәоуп хықәкыла ахәыҷтәы литература иазааԥсо ашәҟәыҩҩцәа, иара убас ҳаԥсуа литературагьы беиоуп ахәыҷкәа ирызку аԥҵамҭақәа рыла.

Аԥсуа хәыҷтәы литература аҭоурых 

Ахәыҷтәы литература иҵаулоу ахыҵхырҭақәа иреиуоуп — ажәлар рпедагогика, ажәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа, хаҭалагьы ахәыҷтәы фольклор. Ажәлар иалырхит ахәыҷқәа рзы иҷыдоу афольклортә жанрқәа: бзиабаралеи цәанырралеи иҭәу агарашәақәа, алегендақәа, алакәқәа, ахьӡыртәрақәеи ацуфарақәеи, дара ракәхоит раԥхьаӡатәи аҩыра ҟалаанӡа ахәыҷтәы литература ахкқәа.

Аԥсуа литература аҭоурых дазааҭгылоит афилолгиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент, аԥсуа литература акафедра аиҳабы Диана Аџьынџьал.

"Аԥсуа хәыҷтәы литература ҳнагәылаԥшыр иҳамбарц залшом ахәыҷтәы литература иузаҟәымҭхо хыԥхьаӡара рацәала иалалаз алакәқәа, алегендақәа, ажәеинраалақәа, ажәабжьқәа, аповестқәа. Урҭ рыда аԥсуа хәыҷтәы литература аҭоурых зыҟамлар ҟалон", ҳәа лҳәеит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Диана Аџьынџьал.

Аԥсуа хәыҷтәы литература адуцәа рлитература ишадҳәалоугьы, уи иамоуп ахатә ҷыдарақәа, ахатә рҿиаратә мҩа,ахатә идеиатә-тематикатә, идеиатә-ааӡаратә принципқәа.

"Ахәыҷы ихдырра аҳаракыра, ипсихологиа, игәынкылара аҷыдарақәа, ихәыцшьа, ицәажәашьа ибызшәа хшыҩзышьҭра азура, абарҭ зегьы ашәҟәыҩҩы иднаҵоит асахьаркыратә ажәала аԥхьаҩ хәыҷы дицхраарц иҿыцу, иара изы макьана еилкаам адунеи агәынкылара адырра. Асахьаркыратә литература ду еиԥш, ахәыҷтәы литературагьы аԥхьаҩ иҿаԥхьа иқәнаргылоит еиуеиԥшым апроблемақәа: ажәлари ахәыҷқәеи рыԥсҭазаара аҟнытә, аха рызнагашьа аформа аҵакы-ахәыҷқәа рықәра, рыхдырра аҳаракыра иқәныҟәазароуп", — ҳәа азгәалҭеит аҵарауаҩ.

Нелли Ҭарԥҳа диижьҭеи 81 шықәса ҵит

Аԥсуа хәыҷтәы литература ашьаҭа акраан, аҿиарамҩахь ахы архараан акыр рџьабаа адырҵеит аԥсуа рҵага шәҟәқәа еиқәзыршәоз, хаҭала арҵага шәҟәқәа рзы зхатәы ҩымҭа аԥызҵоз, аԥсуа хәыҷы еиҳа ишыгәникылаша аус адулан, егьырҭ абызшәақәа рҟынтәи ахәыҷтәы ҩымҭақәа еиҭазгоз: Д.Гәлиа, А.Ҷоҷуа, Н.Патеипа, П.Шьаҟрыл, А.Чыкәбар.

Аҵарауаҩ лажәақәа рыла, еицырдыруа ҳашәҟәыҩҩцәа, ҳпоетцәа, иахьа иҳалагылоу, иара убас зыԥсҭазаара иалҵхьоугьы рахьтә, шамахамзар, дыҟам аӡәгьы лымкаала, ахәыҷқәа аҩымҭақәа ззырымкыз, аизгақәа ҭызмыжьыз.

"Аԥсуа хәыҷтәы литератураҿы аҭыԥ ду ааныркылоит Б.Шьынқәба, Гь.Гәыблиа, Б.Гәыргәлиа, В.Амаршьан, П.Бебиа, А.Гогәуа, Џь.Аҳәба, Н.Ҭарԥҳа, Р.Смыр, И.Аҳашба, Л.Тәанԥҳа, К.Ломиа, Т.Аџьба, А.Џьениа рҩымҭақәа. Иара убас, аиҭагақәа: Аитматов иажәабжьқәа, Андерсен илакәқәа, А.Барто, Д.Дефо, Маршак, Михалков, Насов, Чуковски рырҿиамҭақәа. Ажәакала, ирацәоуп ҳазхыҽхәаша. Ахәыҷқәа, аҿар исахьарку ажәала, литературала рааӡара аҵакы ду амоуп ", — ҳәа азгәалҭеит Аџьынџьал.

Ишдыру еиԥш, иарбанзаалак амилаҭтә хәыҷтәы литература аҽаԥсахуеит аҽарҿыцуеит иара изҵазкуа арегион, ма аҭоурыхтә период аҭахрақәа инарықәыршәаны.

Инеизакны аԥсуа хәыҷтәы литература аҿиарамҩаҟны иалаҳкаар ҳалшоит ԥшь-периодк, актәи 1862-1991 шықәсанӡа, аҩбатәи 1991-1955 шықәсанӡа, ахԥатәи 1955-1991 шақәсанӡа,аԥшьбатәи апериод 1991 инаркны иахьанӡа.

Зегьы ираԥхьагылоуп — ахәыҷтәы шәҟәқәа рҭыжьра

Аԥсуа бызшәа аҿиаразы Аҳәынҭқарратә фонд аус ауан еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла, урҭ ираԥхьагылан ахәыҷҭәы шәҟәқәа рҭыжьра, убри инаваргыланы араҟа иҭрыжьон ахәыҷқәа абызшәа дырҵаразы, адублиаж ҟаҵаны ахәыҷтәы мультфильмқәеи, асахьаркыратә фильмқәеи.

"Ахәыҷы данхәыҷу инаркны иибо, ииаҳауа, дызхәаԥшуа, дзыԥхьо аԥсышәала ианыҟамла апроблема ду ахылҿиаауеит, уи дандухалак даара ицәгьоуп ибызшәа ирҵаны, уи ала дхәыцо, дцәажәо, аус алиуо иҟаҵара, убри азоуп ахәыҷқәа рыла ҳзалагаз. Иҭҳажьуа ашәҟәқәа, рапхьаӡа иргыланы ҳаԥсуа литератураҿы ахәыҷқәа ирызкны игәылагалоу роуп, урҭ алҳаԥшаауеит, иара убас, ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи аҿаҵа рыҭаны идҳарыҩуеит", — ҳәа лҳәеит Гәында Кәҵниаԥҳа.

"Жәытәнатә аахыс ашәҟәы — ахәыҷы дзааӡо акоуп, ашәҟәы цәырҵижьҭеит, уи зыԥсахуа ҳәа акгьы ҟалом, егьа цәырҵра ҟаларгьы", — ҳәа азгәалҭеит уи.

Ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы еиҭаргахьеит: Джанни Родари иҩымҭа "Чополинно" (Мушьни Аҳашба), Коллоди Карло иаԥҵамҭа "Пинокио ихҭысқәа"(Алықьса Гогәуа), Ганс Христиан Андерсен илакәқәа раԥхьатәи ахәҭа Сергеи Зыхәба, аҩбатәи ахәҭа Шамил Аҟәысба, аурыс лакәқәа "Колобок", "Курочка ряба" еиҭеигеит Валентин Коӷониа, Нелли Ҭарԥҳа еиҭалгеит "Апринц хәыҷы" уҳәа иҵегьы.

"Афонд иҭнажьхеит сахьала иҩычаны Таиф Аџьба ахәыҷқәа ирызку иҩымҭақәа, ахәыҷқәа асааҭ дырҵаразы "Асааҭи аамҭеи" захьӡу ашәҟәы, Владимир Аҵнариа "Сыԥсадгьыли амреи", иара убас ахәыҷтәы енциклопедиа. Ажәакала, ашколқәранӡатәи ақәра иаҵанакуа ахәыҷқәеи, ахәыҷӡақәа рзыҳәан ирацәаны иҟаҵоуп, урҭ рхатәы ҟазшьа рымоуп", — ҳәа азгәалҭеит Кәыҵниаԥҳа.

Аҳҭнықалақь ашәҟәҭирҭақәа руак аиҳабы Лариса Аланиа лажәақәа рыла, аҭаацәарақәа даара иазҿлымҳаны иаархәоит ахәыҷқәа ирызку аԥсуа шәҟәқәа.

Ақыҭа ашьҭыхра аамҭа ааит

"Егьырҭ ашықәсқәа раасҭа, аҵыхәтәынтәи аамҭазы анацәеи абацәеи иазҿлымҳаны иаархәоит ԥшшәы рацәала иҩычоу ахәыҷқәа ирызку аԥсуа шәҟәқәа, еиҳарак "20 урок рыла иҵа ухатәы бызшәа" захьӡу арҵагатә шәҟәы, уимоу, аԥсшьаҩцәагьы аԥсшәа рҵаразы ианаархәогьы ыҟоуп", — лҳәеит лара.

Егьа ирацәаны иҭыҵуазар бзиан, убысҟак аҭаацәарақәа иргәаԥханы иаархәоит, ианаҳзымхогьы ыҟоуп, ҳәа азгәалҭеит Аланиа.

Ахәыҷтәы литература амшныҳәа азгәаҭара ахыҵхырҭақәа

Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы литература амш азгәаҭара иалагеит 1967 шықәса инаркны, еицырдыруа алакәқәа раԥҵаҩы Ганс Христиан Андерсен имш иира аҽны.

Адунеи аҟны ахәыҷтәы литература аҿиарамҩа ианылеит 17-тәи ашәышықәса инаркны. Адунеи аҟны ахәыҷтәы литературазы ихьтәу шәышықәсаны иԥхьаӡоуп 18-тәи ашәышықәса, уи аамҭаз усҟантәи аинтиллигенциа еилыркааит, рыхдырраҿ инеит ахәыҷқәа ишырҭаху дара рхатәы исахьарку алитературатә ԥҵамҭакәа.

Ахәыҷтәы литература егьа аамҭа уадаҩ ианысзаргьы, иахьатәи аамҭазы иара игәылҭәаау, ихазу хырхарҭоуп алитераураҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0