Ақыҭа ашьҭыхра аамҭа ааит

© Sputnik Томас ТхайцукАрасадзых
Арасадзых - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа қыҭа апроблемақәеи ақыҭа ԥхьаҟа рҿиашьас иамоуи ртәы далацәажәоит Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Наҭелла Акаԥҳа.

Наҭелла Акаԥҳа. Sputnik

Иҟалап, еиҳабацәоу абиԥарақәа макьанагьы иргәалашәозар, асовет аамҭақәа рызтәи алозунгқәа "ақыҭеи ақалақьи рыбжьара аиҟарамрақәа аԥырхтәуп" ҳәа ааԥхьарақәа аныҟарҵоз. Арҭ алозунгқәа ақыҭа асоциалтә еиҭакра акәын зыӡбахә рымаз. Уи иаанагон ахәыҷбаҳчақәеи аклубқәеи рыргылара, ахәаахәҭратәии абзазаратәии маҵзурақәа рыҭара, иахәҭоу аҩаӡара змоу ашколқәа реиҿкаара, ақыҭауаа амедицинатә маҵзура бзиа рызнагара.

Ҳәарада, иахьа аӡәгьы изҳәашам, акоммунисттә напхгара арҭ апланқәа зегьы аԥсҭазаараҟны аларҵәара рзыруит ҳәа. Иара убасгьы, ипланыркыз асоциалист нхамҩа аҟынтәи  зых иақәиҭу аџьармыкьатә економика ашҟа аиасра аамҭа,  Аԥснытәи аибашьра иақәшәеит.  Уи иашьҭанеиз ареспублика иаҭаз аҭахкаара ареспублика аграртә усхк  еиҳагьы  анырра бааԥс азыҟанаҵеит. Иахьагьы, Аԥсны иузыԥшаауам  акризис анырра знамҭаз қыҭак. Аибашьра ашьҭахь еилаԥыххаа иҟаз аинфраструктура  зынӡаск ҿиара амоуит ақыҭаҟны, адгьылтә ресурсқәа жәпакгьы аус анрыдрымула, анхамҩатә еикәыршара иалгахеит.

Ҷлоу ақыҭан амҩақәа реиҭашьақәыргыларазы аусқәа хацыркын

Аматериалтә ҭагылазаашьала ақыҭеи ақалақьи рыбжьара аиҟарамра ақыҭаҟынтәи ақалақь ахь ауааԥсыра рахыҵра арҿиеит, еиҳаракгьы аҿар еиӷьу аԥсҭазаара иашьҭаланы ақыҭаҟынтәи ақалақь ахь рхы дырхеит. Ари аҭагылазаашьа еиҳагьы иарцәгьеит.

Аекспертцәа реиҳараҩык ргәы ишаанаго ала, Аԥсны  аԥеиԥш змоу усхкны ишьоу ақыҭанхамҩа аԥсы ахаҵаразы, ԥхьаҟа шьаҿақәак ҟаҵоуп. Убас, Аминистрцәа Реилазаара ақәҵарала иаԥҵоуп акомиссиа ҷыда — 2025шықәса рҟынӡа Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара Астратегиа аус адызуло. Иара аинциативала имҩаԥгоу асоциологиатә ҭҵаарақәа иаадырԥшит ақыҭауаа ирымоу апроблемақәа: аусура аҟамзаара, иаадрыхыз аалыҵ аҭира ахьрылымшо, ақыҭанхамҩатә техника азымхара иара убасгьы асоциалтә инфраструктура аҿиара ахьамам.

Аусуратә гәыԥ дара рганахьала ирбоит ақыҭаҟны, аграртә сектор аҟны аус зуа ауааԥсыра  рҭаҩра шымҩаԥгам, уи анхаҩы изинтә статус еилымкаакәа иҟанаҵоит.  Аԥышәаҟны ари иаанагоит  зхатәы нхамҩаҟны аус зуа ауаа усурҭада иҟоуп ҳәа, уи ус шакәымгьы. Абри инадҳәаланы ақыҭаҟны, ахатә сектор аҟны анаплакытә усура иаҿу ахаҿқәа зегьы аҭаҩра рҭахны иҟоуп. Анхаҩы истатус закәанла иҳәаақәҵатәуп, уи иалнаршоит аҳәынҭқарра аганахьала арҭ ауаа асоциалтә цхыраара рыҭара.

Иҟоуп агәаанагара, ақыҭанхамҩа ашьҭыхра  аԥаратә лагалақәа рыла мацароуп арҿиара шалыршахо ҳәа. Ҳәарада афинанстә цхыраара аҭахны иҟоуп, иарбанызаалак тәылак аҟынгьы уи ада аграртә сектор аҿиара аман иҟам. Аха иарбан цхыраароу иахәҭаны иҟоу? Абри ауп ихадоу азҵаара.

Ақыҭанхамҩа аминистр Ҭемыр Ешба уи дахәаԥшуеит абас: "Ҳара алшарақәа ҳаур, еиуеиԥшым апроектқәа назыгӡарц зҭаху ауаа рҟынтәи азыҳәақәа рыдкылара ҳалагоит. Нас урҭ ирыхәаԥшны акомиссиа аӡбра аднакылоит. Ҳара апроектқәа рынагӡаразы иаҭахны иҟоу зегьы ааҳхәалоит, аԥара анапаҟны рыҭара ацынхәрас. Ак ҟазҵарц зҭаху ауаҩы ари хымԥада дақәшаҳаҭхоит".

Акәашаратә ансамбль «Аҷандара» Жәларбжьаратәи афестиваль иалахәхоит

Аексперт Хаҭуна Шаҭԥҳа лгәы иаанагоит анхаҩцәа, афермертә нхамҩеи акооперативқәеи рганахьала  еиуеиԥшым апрограммақәа рыдгалатәуп ҳәа, иара убасгьы арендатә еизыҟазаашьақәа ҭышәныртәалатәуп ҳәа. Лара иазылыԥхьаӡоит анхаҩы, раԥхьа иргыланы аҳәынҭқарраҟынтә ииҭаху аинформациа-консультациатә цхыраароуп. Иара иеиликаауазароуп инхамҩа шеиҵихыша, аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵара шыманшәалоу, аҭҵаарақәа шымҩаԥгатәу, аекспорт азы иарбан культурақәоу иаарыхтәу, аҩныҵҟатәи аџьырмыкьаҟны еиҳа ибзианы ицо иарбан культурақәоу. Аексперт лажәақәа рыла арҭ зегьы мҩаԥгахоит "Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара астратегиа" аҳәаақәа  ирҭагӡаны. Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатагьы иалшоит арҭ аусқәа рыхәҭак рхахьы агара.

Ақыҭанхамҩатә техника азымхара ӡбахар алшоит ализингқәа рымҩаԥгарала. Ализинг азы азакәангьы азырхианы иҟоуп.

Ақалақь аџьырмыкьаҟны иқәгылоу аҭиҩцәа реиҳараҩык иаахәаны изҭиуа роуп. Анхацәа аџьармыкьахь ҳазнеиуам, уа аҭыԥққәа зегьы аанкылоуп ҳәа рҳәоит. Дара еиҭарҳәоит ртауар рыманы ианааилак, автобусқәа рҟны ишырԥыло, изыԥсоу аасҭа хәеиҵала ишрымырхуа, нас аҟара аваргыланы ишырҭиуа. Анхацәа ражәақәа рыла уи иақәшаҳаҭхо рацәаҩуп, избанзар атауар лассы иҭины иқәҵыр рҭахуп, аха иҟоуп зтауар зхала изҭир зҭахугьы. Абас иҟоу рзыҳәан иалшон аџьармыкьаҟны аҭыԥ ҷыдақәа еиҿкаазар, уахь аиҭаахәаҩцәа намышьҭзар. Иҟоуп иҵегьы ари апроблема зларыӡбыша амҩақәа, иаҳҳәап хаз ҷыдала амш алхны дара анхацәа рхала ртауар рҭиуа аҟаҵара.

Праздник Ацуныҳәа провели в селе Ачандара - Sputnik Аҧсны
Аҷандараа ацуныҳәа мҩаԥыргеит

Иҟоуп еиҭахгьы аидеиақәа. Анхаҩԥҳәыс ишылҳәаз ала "Ҳшәырқәеи ҳуҭраҭыхқәеи ахьраҳҭаша еиҿкаарак ыҟазар даара ибзиан. Сара схаҭа ҩ-тоннак рҟынӡа апельсин касыжьит, избанзар аизгара сахьымӡазт аҵаа асит". Ари аԥҳәыс лажәақәа рыла ақыҭаҟны ауҭраҭыхи ашәыри аус ахьрыдыруло цехк ыҟазар, зегь рзы иманшәалахон. Ларгьы лтауар лҭиуан, аахәаҩгьы ашәырӡы цқьа иоуан.  Идум ацехқәа ақыҭаҟны рыҟазаара иалацәажәоз рацәаҩын. Ақыҭаҟны анаплакқәа рыҟазаара еиҳарк изгәаԥхо ақыҭаҳәсақәа роуп. Џьоукы ирҳәон аџьынџьыхәа ҟарҵар шрылшо, егьырҭ – ачаҳаржәқәа ҟарҵар шрылшо. Иҟоуп ашәҭқәа рааӡар зылшо, мамзаргьы аӡахырҭаҟны аус зур зылшо.

Асеиԥш иҟоу, рацәак идуум ааглыхырҭақәа ирылшон ақыҭақәа рҟны еиҳа иҵарны иқәгылоу апроблемақәа – аусура аиуреи аалыҵ аҭиреи рыӡбра.

Имӡакәа иҳәатәуп ақыҭаҟны анхара пату амамкәа ирыԥхьаӡо ишалагаз. Амассатә информациа ахархәагақәагьы ирҭахы-ирҭахым ари иацхраауеит – иахьатәи ақыҭа ԥсҭазаара атәы, ақыҭаҟны иҟоу аихьӡарақәа, абзиарақәа ртәы ркьыԥхьуам. Еиҳа излацәажәо ақалақь ԥсҭазаара ауп, иара уигьы ирԥшӡоу, игәмырҿыӷьгоу, иласу.

Иҟалап хыхь зыӡбахә ҳәоу апроблемақәа асовет еидгылашьҭахьтәи атәылақәа жәпакы рызгьы иҟазшьарбаганы иҟазар, аха Аԥсназы ақыҭа аилаҳара ашәарҭара ду ҳҭанаргылоит. Еилкаауп ақыҭа аҭагылазаашьеи аграртә комплекс аҭагылазаашьеи ишырхьыԥшу атәыла афатә база, уи адагьы акурорттә усхк аҿиарагьы. Уи адагьы ақыҭа инанагӡоит иҷыдоу афункциа — ауаажәларра рсоцкультура ахьчара. Аԥсны иқәынхо ажәларқәа реиҳараҩык ретнокультура зыдҳәало ақыҭоуп. Ақыҭа ауааԥсыра, асоциум ашьаҭак аҳасабала еснагьгьы аҵак ҷыда рыман. Кавказтәи акультурақәа – аколлективизм, аиҳабацәа пату рықәҵара, аҭаацәеи ауаажәларратә еилазаареи рҟны аиҳабыратә абиԥара хаз иалку рыстатус уҳәа  еиқәзырхо институтк аҳасабала иқәгылоз ақыҭа акәын. Арҭ аҷыда ҟазшьақәа ракәын аԥсуаа еснагь излаҽхәоз, Аԥсны иаҭаауазгьы оумашәа ирбоз.

Уи адагьы иҟоуп егьырҭ афакторқәагьы. Ақыҭа еснагь ароль ҳарак аман адемографиатә проблемақәа рыӡбараҟны, избанзар ақыҭақәа рҟны акәын еиҳарак ахшара рацәа змаз аҭаацәарақәа ахьыҟаз. Иара убас ақыҭаҿоуп ахатәы бызшәа аиҵаҳареи аихаҳареи еиҳа аҭыԥ рыманы иахьыҟоу. Ибзианы еицырдыруеит аџьынџь аҟны нхара ҳәа иаанхо ауаа ркультуреи рбызшәеи еиҳа аиқәырхара шрылшо, избанзар ақалақьтә еилазаараҟны урҭ егьырҭ амилаҭқәа еиҳа иццакны ирылаӡҩоит. Абри инадҳәаланы ииашахаҭоуп еицырдыруа алингвист,  Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба ииҳәаз: "Аԥсуа қыҭа реиҳа узықәгәыӷша ҭыԥуп адемографииатә проблемақәа рыӡбразгьы, абызшәа аиқәырхаразгьы, аԥсуара ҳәа ҳзышьҭоу ҳкультуратә доуҳа аиқәырхаразгьы. Аԥсуа қыҭа аԥсуа милаҭ азы узықәгәыӷша бӷаны иҟоуп".

Игхахон ақыҭа арҿиара, аграртә усхк ахь аинвистицииақәа ралагалара мацарала иалыршахоит ҳәа уҳәар. Асоциалтә инфраструктура мырҿиакәа абри аус аҟны ԥхьаҟа аиҭыҵра уадаҩхоит. Абраҟа аҵак ду аманы иҟоуп ақыҭа школ. Уи аҵаратә функциа адагьы ақыҭа адоуҳатәи  акультуратәи центр афункциақәа нанагӡоит. Аԥсҭазаара иаҳнарбеит ақыҭа школқәа раркра, нас уи иашьҭанеиуаз аусурҭа ҭыԥқәа рыӡра иаарласны ақыҭа аԥсҭазаара ацәыӡрахь ишнанаго. Убри азы ақыҭа школқәа реидкылара азҵаара даарак изызхәыцтәу акакәны иҟоуп. Ахәыҷбаҳчақәа раартра акәзар аҭаацәа ахәыҷырацәа роурахь ихьанарԥшуеит, ақыҭа хәыҷқәагьы ашкол ахь еиҳа иазыҟаҵаны инеиртә иҟалон.

Акраҵанакуаны иҟоуп хра змоу ақыҭанхамҩа аԥҵара, анаплакқәа раԥҵара. Урҭ иалдыршон ақыҭауаа аусурҭа ҭыԥқәа рыҭареи ахашәалахәы рзаагареи. Иҟалап ԥхьаҟа, ақалақь аҟны инхо аха ақыҭахь ииасыр зҭахқәоу акредит рзоужьра апрограммагьы иазхәыцтәызар, афинанстә цхыраарагьы рыҭатәызар.

Аиааира ду 70 шықәса ахыҵра иазку аҽырыҩра Дәрыҧшь имҩаҧысуеит

Аҭҵаарақәа рымҩаԥгараан иааԥшит еиҭахгьы абасеиԥш иҟоу апроблемақәа: ишеилкаахаз ала Аԥсны Мрагыларатәи аган аҟны ақыҭауаа ашшуеит  рдоуҳатә культура аизырҳаразы иарбанызаалак  культуратә еилазаарак ыҟам ҳәа. Аҳҭнықалақь ахь ицаны афилармониаҟны аконцерт ма атеатр иахәаԥшырц азы абилеҭқәа аархәартә еиԥш аҭагылазаашьа аиҳараҩык ирымам. Имаҷуп ақыҭаҟны аклубқәа, дара ыҟазаргьы,  аус ахьыруа. Акружокқәа, атеатртә студиақәа, ахәыҷтәы рҿиара ацентрқәа уҳәа, иацтәи амш аҟны инхеит. Иааидкыланы ақыҭаҟны акультуратә ԥсҭазаара иахьазы иҟаӡам. Аҿар оумашәа ибаны реиҳабацәа ирҳәо иазыӡырыҩуеит ақыҭақәа рҟны, аклубқәа ахьыҟамызгьы, ус адәаҟны, еицырдыруаз артистцәа, акәашацәа, ашәаҳәацәа ааны аконцертқәа мҩаԥыргон ҳәа анырҳәо.

Абри инадҳәаланы ақыҭауаа рдоуҳатә ҭахрақәа рхарҭәааразы ихымԥадатәины иҟалароуп арҿиаратә коллективқәа ақыҭақәа рахь ицаны иқәгылалартә еиԥш аҭагылазаашьақәа раԥҵара. Ақыҭақәа рҟны акультуратә ԥсҭазаара  аиҭарҿиара Аԥсны ақыҭақәа рырҿиара аплан иахәҭа хаданы иҟалароуп.


Ажәабжьқәа зегьы
0