Логәуа: ачынуаа рхашәалақәеи рхарџьқәеи рзы адекларациа ҟарҵалароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукДепутат Астамур Логуа на первом заседании весенней сессии парламента Абхазии шестого созыва
Депутат Астамур Логуа на первом заседании весенней сессии парламента Абхазии шестого созыва - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизараҟны акоррупциа иаҿагыло ООН Аконвенциа ахәҭаҷ 20 алацәажәара шымҩаԥысуа далацәажәеит радио Sputnik аҟны Жәлар Реизара жәларбжьаратәи, апарламентбжьаратәи еимадарақәеи аџьынџьуаа рымадареи рзы Аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Логәуа.

АҞӘА, мшаԥы 3 – Sputnik. Еиуеиԥшым арангқәа змоу ачынуаа рхашәалақәеи рхарџьқәеи рзы адекларациа ҟарҵалароуп иҳәеит радио Sputnik аҟны Жәлар Реизара жәларбжьаратәи, апарламентбжьаратәи еимадарақәеи аџьынџьуаа рымадареи рзы Аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Логәуа.

"Аԥсны Ахада Жәлар Реизарахь иаашьҭымҭаҿы иҿаҿаӡа иубон иахәҭаны иҟоу аусқәа шымҩаԥгатәу атәы. Иахәҭаны иҟоуп иаарласны аҳәынҭқарратә маҵзуразы азакәан адкылара, ачынуаа рхашәалақәеи рхарџьқәеи рзы адеклорациа аҟаҵара", — иҳәеит иара.

Адепутат иҳәеит Аԥсны аус шауа Апарламент V ааԥхьара адепутатцәа ирыдыркылаз азакәан "Акоррупциа аҿагыларазы".

"Сара ихымԥадатәиуп ҳәа иазысыԥхьаӡоит абри азакәан аԥсахрақәа ралагалара, ҷыдала ачынуаа рхашәалақәеи рхарџьқәеи рзы адеклорациа аҟаҵара. Ҳара иҭаҳҵааит егьырҭ атәылақәа рԥышәа. Аҽаџьара адеклорациа ҟазҵараны иԥхьаӡо ачынуаҩ иҭаацәа рымацара ракәзар, сара иазысыԥхьаӡоит Аԥсны абри асиа ырҭбаатәуп ҳәа", — иҳәеит Логәуа.

Адепутат иҳәеит арахь иаҵарктәуп ачынуаҩ иашьцәа, иаҳәшьцәа, иан иаб ҳәа. Ачынуаа рхашәалақәеи рхарџьқәеи адеклорациа рзуны рырзара мап ацәыркуазар, урҭ рганахь ала аусҭҵаара мҩаԥгатәуп ҳәа ахиҳәаауеит Асҭамыр Логәуа.

"Атәыла Ахадеи ҳареи аусутә еиԥылара ҳаман мчыбжьык аԥхьа. Иара иҳәеит абри ҳаԥшьгара адгылара шеиҭо. Адунеи атәылақәа 172 абри Аконвенциа рнапы аҵарҩхьеит, ирыдыркылахьеит, аха иҟоуп ахәҭаҷ 20 аратификациа азызымуц. Арахь иаҵанакуеит аизҳара бзиа змоу атәыла беиақәагьы: США, Италиа, Франциа, Норвегиа, Финляндиа уҳәа реиԥш иҟақәоу. Урҭ ари ахәҭаҷ мап зацәышәкуеи ҳәа азҵаара аҭакс ирҳәоит ртәылақәа Рконституциақәа рҟны ишыҟоу аилкаара – ауаҩы ихара аӡбарҭаҿы ишьақәыргыламкәа ахара идҵара аҟамлара. Аԥсны Аконституциа ахәҭаҷ 22 аҟынгьы абри аилкаара арбоуп", — иҳәеит иара.

ООН Аконвенции ахәҭаҷ 20 адкылара акоррупциа иаҿагыло шьаҿа ӷәӷәаны иҟалап ҳәа иазиԥхьаӡоит адепутат.

Акоррупциа иаҿагыло ООН Аконвенция (UNCAC) — раԥхьатәи жәларбжьаратә документуп абри аганахь ала. Ирыдкылан ООН Ассамблеиа хада 58-тәи апленартә еилатәараҿы 2003 шықәса жьҭаара 31 рзы. Амчра аиуит 2005 шықәса ԥхынҷкәын 14 рзы.

Аконвенциа шьақәгылоуп 71 хәҭаҷ еидызкыло 8 хык рыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0