Никитин: Аҟәатәи акинофестиваль аиҿкаара бзиа амоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСухумский международный кинофестиваль
Сухумский международный кинофестиваль - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Раԥхьатәи Аҟәатәи акинофестиваль алахәыла, асценарист Егор Никитин радио Sputnik Аԥсны аинтервиу анеиҭоз ифильм "У меня есть брат" далацәажәеит.

АҞӘА, мшаԥы 4 – Sputnik. Раԥхьатәи Аҟәатәи акинофестиваль аиҿкаара бзиа амоуп, иҳәеит раԥхьатәи акинофестиваль алахәыла, асценарист Егор Никитин радио Sputnik Аԥсны аинтервиу анеиҭоз.

Открытие международного кинофестиваля - Sputnik Аҧсны
Жәларбжьаратәи акинофестиваль аатит Аҟәа

"Иубартә иҟоуп афестиваль аҵак ду зырҭо усмҩаԥгатәны ишахәаԥшуа. Аартра ацеремониа аан акыр ауаа рацәан. Уи угәы иахәоит. Сгәаанагарала абри азоуп афестивальқәагьы ззеиҿкаалатәу", — иҳәеит иара.

Егор Никитин иҳәеит иара раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа дшааз. Сара ара зегьы сгәаԥхоит. Макьаназ избахьо рацәам аха избаз акыр ишьахәуп, иҳәеит иара. Егор Никитин далацәажәеит акинофестиваль ахь иааигаз аусумҭа.

"Сусумҭа ҩыџьа аишьцәа рҭоурых иазкуп. Аишьа еиҳабы дҭаацәароуп, ахәыҷы димоуп. Аиҵбы иаб иҩнраҿы дынхоит. Ҽнак зны аиҵбы иаб дишьуеит, ацхырааразы иашьеиҳаб иахь днеиуеит. Аԥхьа иара иашьа аполициа дриҭоит, аха нас еиликаауеит аиашьаратә ҭакԥхықәреи иҟаҵәҟьоу аҭагылазаашьеи рыбжьара ак алихыр шакәу", — ҳәа еиҭеиҳәоит Егоров.

Афильм асиужет шьаҭас иамоуп арежиссиор Максим Кузнецов иԥсҭазааратә ԥышәа. Иара акыр шықәса шьаусҭҵааҩыс аус иуан.

"Афильм иҟалахьоу ахҭыс шьаҭаны иамоуп", — иҳәеит асценарист.

Афестиваль аконкурстә программа иалоуп 32 зметраж кьаҿу афильмқәа Европа, Урыстәыла, Марокко, Тунис, Кореиа, Иран, Узбекистан, Венгриа, ИАР атәылақәа рҟынтәи.

Актәи Жәларбжьаратәи акинофестиваль аинформациатә дгылара анаҭоит аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны.

Ажәабжьқәа зегьы
0