Азинхьчаратә усбарҭақәа акурорттә сезон рҽазыҟарҵоит

© Sputnik / Томас ТхайцукОцепление места происшествия
Оцепление места происшествия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акурорттә сезон аҽазыҟаҵара азҵаарақәа рыӡбразы имҩаԥган аилацәажәара Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны.

АҞӘА, мшаԥы 5– Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ацәгьоура иаҿагылан ақәԥареи акурорттә сезон аан аԥсшьаҩцәа ршәарҭадара аиҿкаареи рзы ауснагӡатә ҷыдақәа рыплан шьақәнарӷәӷәеит, иҳәеит акурорттә сезон аҽазыҟаҵара азҵаарақәа рыӡбразы имҩаԥгаз аилацәажәараҟны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба.

Отдых туристов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Гарцкиа: аԥсшьаҩцәа амшын аҟәараҿы ршәарҭадара еиҿкаатәуп

Аршба иажәақәа рыла аусбарҭаҿы аус адулоуп ацәгьоура иаҿагылан ақәԥареи акурорттә сезон аан аԥсшьаҩцәа ршәарҭадара аиҿкаареи рзы ауснагӡатә ҷыдақәа рыплан "Курорт". Иара инақәыршәаны ишьақәырӷәӷәоуп амилициа-гәыԥқәа рыҟазаара ҭыԥқәа, ры:аԥшьара аграфик, рмаршрут. 2017 шықәсазтәи акурорттә сезон аан иҟаз акриминогентә ҭагылазаашьа азыԥхьагәаҭаны сынтәа ишалшо ала аусбарҭа аилазаара ирӷәӷәоу авариант ахь русура ииагахоит.

2017 шықәса лаҵарамза инаркны жьҭаарамзанӡа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иамоу адыррақәа рыла аԥсшьаҩцәа ирзырхоу 90 цәгьоура ҭаҩын. Аиҳаракгьы арҭ ацәгьоурақәа қәыларатә ма ӷьычратә цәгьоурақәан.

Сынтәа аминистр иажәақәа рыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны ирыгәҭакуп аԥсшьаҩцәа рзы амаҵзура ҷыдақәеи агәрагаратә ҭелқәеи зну агәҽанҵарабӷьыцқәа аԥсшьаҩцәа ирзеихыршаларц. Аиҳаракгьы зхала ма зхатәы машьынала ԥсшьара иаауа рыбжьара.

Аминистр иара убасгьы иҳәеит аучасткатә инспекторцәеи ақалақьқәеи араионқәеи рхадарақәа рхаҭарнакцәеи атуристцәа ахьынхо аобиектқәа ргәаҭарақәа шымҩаԥыргало, ашәарҭадара шеиҿкаау шҭырҵаало.

Акурорттә сезон аҽазыҟаҵара азҵаарақәа рыӡбразы имҩаԥган аилацәажәара Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0