Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Инаԥшьба: акинофестиваль аҭоурых аҿы иузанымхуа цәаҳәаны ианхалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукИнал Инапшба
Инал Инапшба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ихыркәшоуп Аҟәатәи жәларбжьаратәи афестиваль, рыхьыӡ ҳәоуп иреиӷьӡоу зметр кьаҿу акино азҟазацәа. Аҿар политиказы аҳәынҭқарратә хеилак аспециалист Инал Инаԥшьба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭаиҳәеит уи аидеиа шцәырҵыз.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Инаԥшьба Аҟәатәи акинофестиваль иазкны

"Актиорцәа асценаристцәа арежиссиорцәа, уҳәа акырӡа еицырдыруа ауаа аднаԥхьалеит Аҟәатәи акинофестиваль. Иҟалап, дара ианаауаз Аԥсны ахьыҟоугьы рзымдыруазҭгьы, аха иахьааиз ҳтәыла аҭоурых, уи аҵасқәа рзеиҭаҳҳәон, идеилҳаркаауан. Аԥсны аӡбахә иаҳа ирацәаҩны иахьырдырыз акырӡа аҵанакуеит.  Имҩаԥааҳгаз афестиваль Аԥсны акино аҿиаразы даараӡа аҵак ду амоуп. Аҟәатәи жәларбжьаратәи акинофестиваль аҭоурых аҿы иузанымхуа цәаҳәаны ианхалоит",- иҳәеит Инаԥшьба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0