00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:45
15 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
24 мин
14:28
2 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:43
17 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Валентин Бубукин ихьӡ зху атурнир аҟны аԥснытәи акоманда аиааира агеит

© VK/Футбольные турниры в Дагомысе, г.СочиII этап X Международного детско-юношеского турнира по футболу – Мемориал Валентина Бубукина
II этап X Международного детско-юношеского турнира по футболу – Мемориал Валентина Бубукина - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зҽаԥсазтәыз аспорт аҟаза, 1960 шықәса рзы Европа ачемпион Валентин Бубукин ихьӡ зху жәларбжьаратәи ахәыҷы-қәыԥштә турнир мҩаԥысуан Дагомыс, мшаԥы 3-9 рзы.

АҞӘА, мшаԥы 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ареспубликатә хәыҷтәы-қәыԥштә школ №1 шьапылампылтә команда "Юный динамовец" 2010 шықәса рзы ииз ахәмарыҩцәа зҽаԥсазтәыз аспорт аҟаза, 1960 шықәса рзы Европа ачемпион Валентин Бубукин ихьӡ зху Х жәларбжьаратәи ахәыҷы-қәыԥштә турнир аҟны аиааира ргеит ҳәа Шәачантәи иааицҳаит акоманда азыҟаҵаҩ Георги Чалигаа.

Афиналтә хәмарраан еиндаҭлон аԥснытәи акомандеи шәачатәи акомандеи. Аԥснытәи аиааира ргеит 5:4 ҳәа.

"Афиналтә хәмарраан ампылқәа ҭадыршәит: Нестор Беселиа, Владислав Леиба, Даниил Џьопуа", — иҳәеит иара.

Тренировка детской футбольной команды. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Кәарацхьелиа: 800-ҩык рҟынӡа ахәыҷқәа ашьапылампыл иасуеит

Атурнир иалахәыз ареспубликатә хәыҷы-қәыԥштә школ №1 шьапылампылтә команда "Юный динамовец" 2009 шықәса рзы ииз ахәмарыҩцәа ракәзар, ахԥатәи аҭыԥ ааныркылеит.

""ЦСКА-2" (Москва) ацыхәмарраан ҳкоманда аԥыжәара агеит 2:1 ҳәа. Сара агәахәара снаҭоит москватәи акоманда ҳахьаиааиз", — иҳәеит азыҟаҵаҩ.

2010 шықәса рзы ииз рыбжьара атурнир аҿы иреиӷьыз ҳәа далкаан Нестор Беселиа, 2009 шықәса рзы ииз рыбжьара –Артур Погосов.

Георги Чалигаа ҭабуп ҳәа ахиҳәааит атәыла Ахада Иусбарҭа акоманда ианаҭаз афинанстә цхыраара.

Ахәмаррақәа ирылахәын: Москва, Москватәи аобласт, Санкт-Петербург, Шәача, Краснодар, Аҟәа, Ростова-на-Дону, Воронеж, Бугуруслан, Грозныи, Хасавиурт, Чебоксар, Новосибирск, Ташкент.

Ажәабжьқәа зегьы
0