Ахәыҷқәа рзы ажәабжьқәа "Амши аҵхи" ӡырган Аҟәа

© Sputnik Томас ТхайцукСборник рассказов для детей "Амши Ацхи"
Сборник рассказов для детей Амши Ацхи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ООН ахәыҷтәы фонди (ИуНИСЕФ) Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрреи ажурнал "Алашареи" аԥсуа бызшәа аларҵәара хықәкыс иҟаҵаны имҩаԥыргеит ахәыҷқәа рзы ажәабжьқәа рконкурс "Алашарбага".

АҞӘА, мшаԥы 11 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Мшаԥы 11 рзы Аҟәа имҩаԥысит, ООН ахәыҷтәы фонди (ИуНИСЕФ) Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрреи ажурнал "Алашареи" аԥсуа бызшәа аларҵәара хықәкны иҟаҵаны еицыҭрыжьыз, ахәыҷқәа рзы ажәабжьқәа реизга "Амши аҵхи".

"Аконкурс ахь иаашьҭын 30 инарзынаԥшуа усумҭа. Аихшьаалақәа рышьҭахь иалкаан 11 усумҭа. Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрреи ажурнал "Алашареи" ажәабжьқәа реиҭагараҿ ацхыраара ҟарҵеит, избанзар урҭ рыбжак урыс бызшәала иҩын. Авторцәагьы профессионалтә шәҟәыҩҩцәаӡам. Адунеи зегьы аҿы ахархәара рырҭоит ипрофессионалым ашәҟәыҩҩцәа русумҭақәа. Ҳаргьы уи аԥышәа ҳхы иаҳархәарц ҳаӡбеит. Иагьалҵит. Иҭыҵит иԥшӡоу, исахьарку ашәҟәы", — иҳәеит ООН ахәыҷтәы фонд (ИуНИСЕФ) апроект анапхгаҩы Русҭам Аншба.

Русҭам Аншба иҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит абра>>

ООН ахәыҷтәы фонд Аҟәатәи аофис ахада Уилиам Хенлон иажәақәа рыла аусура ҵаула мҩаԥган.

Марина Агрба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Агрԥҳа: арҵага шәҟәы иҭсмыжьыр ада ԥсыхәа сымамызт

"Агәахәара ду снаҭоит апроект ахьынагӡахаз. Ҳара ҳнапаҿы иаҳкуп аԥышәала иҩу ахәыҷқәа ирызку ашәҟәы. Ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп ашәҟәы авторцәа", — иҳәеит иара.

Аӡыргараҿы рыхьӡ ҳәан иреиӷьу ажәабжьқәа равторцәа.

Актәи аҭыԥ ланашьан асахьаҭыхыҩ Мадина Бигәааԥҳа, аҩбатәи аҭыԥ – Анна Броидо, ахԥатәи аҭыԥ – Витали Шариа.

Ажәабжьқәа реизга ҭыҵит тираж рацәала, ф-нызқь цыра. Иааиуа амчыбжьазы ареспублика араионқәа рҿы хәыда-ԥсада ирыларҵәахоит.

2017 шықәса рзы апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ИуНИСЕФ иҭнажьит Андреи Чочуа ахәыҷқәа ирызкны ииҩыз ажәабжьқәа реизгеи аԥсуа бызшәа ахалаҵараз ашәҟәи.

Ажәабжьқәа зегьы
0