Сириантәи Аԥсныҟа нхара ҳәа иааз раԥхьатәи ҳџьынџьуаҩ Амер Кәыџба игәаларшәара

© Фото : Сырма АшубаСириантәи зыԥсадгьыл ахь нхара ҳәа иааз раԥхьатәи ҳџьынџьуаҩ Амер Кәыџба
Сириантәи зыԥсадгьыл ахь нхара ҳәа иааз раԥхьатәи ҳџьынџьуаҩ Амер Кәыџба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сириантәи зыԥсадгьыл ахь нхара ҳәа иааз раԥхьатәи ҳџьынџьуаҩ Амер Кәыџба игәаларшәара иазкны.

Cырма Ашәԥҳа, Sputnik

Заҟа игәырӷьаратә хҭысыз, 1989 шықәса рзы Қырҭтәыла имҩаԥнагоз аполитика ҳажәлар апротест аназыҟарҵоз, мчыбжьыла афилармониа аҟны ианеизоз "ҳара ара ҳатәуп, ҳара ҳаԥсадгьыл Аԥсны ауп", — ҳәа Сириантәи раԥхьаӡа акәны иааиз ҳџьынџьуаа Зиуар Чычбеи Амер Кәыџбеи рыла аҭаԥшра.

"Сара атәылауҩшәҟәы ансоу, Зиуар иаҳаит. Иаразнак сахьыҟаз еиликааит, дсыцаарц иҭаххеит. Акыр ауадаҩрақәа ҳахганы, Ҭырқәтәылантәи Қарҭ аҳәаа ҳахысны Аԥсныҟа ҳаар акәхеит. Мышкы, Баҭым ҳауацәа рҿы ҳаанхеит, анаҩс арахь ҳааит. Сара сзы иџьашьатәын, ақалақь ахьҭацәыз, уаҩ дубомызт", — аамҭаказы абас иҳәахьан Амер Кәыџба.

© Фото : Сырма АшубаСириантәи зыԥсадгьыл ахь нхара ҳәа иааз раԥхьатәи ҳџьынџьуаҩ Амер Кәыџба
Сириантәи зыԥсадгьыл ахь нхара ҳәа иааз раԥхьатәи ҳџьынџьуаҩ Амер Кәыџба - Sputnik Аҧсны
Сириантәи зыԥсадгьыл ахь нхара ҳәа иааз раԥхьатәи ҳџьынџьуаҩ Амер Кәыџба

Усҟан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы ауаа рацәа еизаны иҟан. Аԥсныҟа иааз ҳџьынџьуаа ари аҭыԥ таксила иаадгылеит.

"Концертк ыҟазар акәхап сгәахәит. Аха, излеилкаахаз ала, ақырҭқәеи ҳареи аиҿыхарақәа ҳанрылагаз аамҭа акәзаарын. Ҳзықәтәаз амашьына ҳаақәҵын ҳаргьы ҳнеит афилармониа ашҟа", — иҳәеит Амер.

Зульфи Ачузба - Sputnik Аҧсны
Ачузба: ҳаирпланла ажәҩан санало, аԥсуа жәлар зегьы убра иҟазшәа збоит

Аԥсуа мҳаџьырқәа рхылҵшьҭрақәа наӡаӡа ҳәа рыԥсадгьыл азыхынҳәра, аԥсуаа рзы иаҵанакуаз ус ажәала иузҳәом, ҳажәлар ргәырӷьара ҳәаак амамызт.

"Усҟантәи аамҭазы ҳдиаспора ирхылҵшьҭроу Аԥсныҟа аӡә иаара, ҳара ҳзы ижәҩангәашәԥхьаран. 89-тәи ашықәс азы, афилармониаҿы ҳажәлар рыгәҭыхақәа зегьы ахьырҳәоз, иахьеизоз, апротест аныҟарҵоз аамҭазы, ажәлар изықәгәыӷуа акы аныҟамыз аамҭазы, Анцәа иааишьҭыз аӡә реиԥш, Амер Кәыџбеи, Зиуар Чычбеи, афилармониа асцена ианаақәла, "Ҳара ҳаԥсыуаауп, Аԥсны ҳанхарц ҳааит" ҳәа, убасҟан ажәлар адруҳәа игыланы ишрыдыркылаз, иахьагьы уаҵәгьы, ахааназгьы сгәалашәараҿы иаанхоит", — ҳәа азгәалҭоит апоетесса Гәында Сақаниаԥҳа.

Ҳажәлар ракәзар, гәыӷра шәкы рызцәырҵит ргәы иҵхоз аусқәа акахьы икылаҳгар ҟалап ҳәа. Анаџьалбеит, ҳашьцәа аҳәаанырцә иҟоу аԥсуаа, абрахь ихынҳәуазаап ҳәа.

"Амер Кәыџбеи, Зиуар Чычбеи Аԥсныҟа ианаа, адырҩаҽны, исгәалашәоит Алина Ачԥҳа, Инна Ҳаџьымԥҳа, Нонна Ферызԥҳа уҳәа абарҭ зегьы ҳаицны, ақалақь ҳалсны ҳнеиааиуан. Нас, дара Гәдоуҭаҟа нхара ҳәа ицан, уа пансионатк аҟны иҩнан. Уахь ҳцон, ҳаиҭанаиааиуан, ҳаибабон. Патула, ҳаҭырла убас ҳрыдыркылон еснагь", — лҳәеит Сақаниаԥҳа.

Амер Кәыџба, Аԥсныҟа даанӡа, Қарҭ аҵара зҵоз аԥсуа студентцәеи иареи еибабахьан. Уи аамҭақәа ртәы дырзааҭгылоит асахьаҭыхҩы, Амер Кәыџба иҩыза бзиа Леонид Еныкь.

"Қарҭ асахьаҭыхратә академиаҿы аҵара анаҳҵоз, 80-тәи ашықәсқәа рзы акәын, иҳаҳаит Сириантәи аԥсыуа ҷкәынак дааны дшыҟаз. Иаразнакгьы даҳзымыԥшааӡеит, избанзар, атәым ҳәынҭқаррақәа рҟынтә иаауаз хазы индырхон. Аԥсныҟа аҭел ҳасны еилаҳкааит, еицырдыруа аҳақьым Аҳмаҭ Кәыџба иашьа шиакәыз. Аҳмаҭ, Аԥснынтә аԥсуа ҭыԥҳа дигахьан, аҭаацәара далалахьан, даҳдыруан", — игәалашәарақәа ҳацеиҩишеит Еныкь.

Усҟан, Леониа иҩызцәеи иареи, аҳәаанырцәынтәи Қарҭ аҵара зҵоз астудентцәа ахьыҩнарҵоз азеиԥш нхарҭа рыԥшааит, уброуп дахьырбаз изышьҭаз аԥсуа ҷкәынгьы.

"Амер игәырӷьара ҳәаак амамызт ҳаниба. Аурыс бызшәа иҵарц акурсқәа дшырхысуаз ҳаиҳәеит. Абызшәа уҵар, узҭаларц угәы иҭои?— ҳәа ҳаниазҵаа, "шәара шәызҭои?". Саргьы убри сҭалоит, асахьақәа цәгьамкәа иҭысхуеит", — иҳәеит Амер.

"Ус, ҽнак, аԥсуаа зегьы ҳахьынхоз дипломат дук иман даҳзааит Амер. Иаартны асахьақәа ҭихуа иҿанааиха, ҳаԥшызар, зегьы Ленин исахьақәа ракәын ианыз. Аурыс иԥара усҟан Ленин исахьа анымзи, убри дахәаԥшны акәзаарын исахьа шҭихуаз", — иҳәеит Леонид.

Джанкат Чкуа - Sputnik Аҧсны
Ҩажәи хәба шықәса иԥсадгьыл аҿы: Џьанқат Чқәуа иҭоурых

Аԥсуа студентцәа, ҷыдала Амер Кәыҿба ахылаԥшра ирҭон, дрыгәҭылакны дрыман. Мызқәак роуп иахьеибабаз, иахьеицыз, аха акыр еишьцылеит. Анаҩс, агәамбзиара иоуз иахҟьаны, Сириаҟа дхынҳәыр акәхеит.

"Угәы дузалхуамызт. Аамҭа кьаҿк ала уишьцылон, аҟазшьа бзиа иман. Оҭар Мацхарашвили, ԥсаҭа шкәакәа, иареи сареи уадак ҳаицыҩнан, ҳзеиԥш нхарҭа аиҳабы ҳиацәан, Амер ҳара дҳацынхартә еиԥш иҟаҳҵеит, иҳамаз ахәыҷы ала ҳҿаҵа еҩшаны иаҳфон, џьарак ҳаицынхон, ҳаицын", — ҳәа азгәеиҭоит Еныкь.

Амер иҩызцәа ражәақәа рыла, еснагь Аԥсныҟа ахынҳәра дашьҭан, Кәыџаа рышҭа абара цәгьа дазгәышьуан, иҭоурых дазҿлымҳан. Қарҭ аҵарагьы дҭамлакәа, Сириаҟа дхынҳәит, уантә еиԥхьхәыцрак ҟамҵакәа дааит иԥсадгьылахь нхара. Амер Кәыџба, аҭаацәара ԥшӡа аԥиҵеит, имоуп аԥеи аԥҳаи. Иара ԥсабарала илаз абаҩхатәра иабзоураны, амҿлых аус адиуло далагеит. Аибашьра ашьҭахь, асахьаҭыхҩы Нодар Ҵәыџь наплакык ааиртын амҿлых аус ахьадырулоз, убра иҩызцәа аус рыциуан Амергьы.

Абасала, зыԥсадгьыли зыуаажәлари рзы згәы былуаз, зышьҭа мырӡкуа ари адгьыл иазынзыжьыз Амер Кәыџба, иаамҭанымкәа иԥсҭазаара далҵит. Иара иуаҩреи, иҟазшьеи, иаԥсуареи ирыбзоураны, дыздыруаз зегьы ргәаҵаҿы наунагӡа даанхоит.

Аԥсныҟа раԥхьаӡа акәны ицааз иҩыза Зиуар Чычба иакәзар, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы фырхаҵарыла дҭахоит. Арҭ арԥарцәа збара иазгәышьуаз рыԥсадгьыл ргәазхара ирзымбазаргьы, рызгәаҭыԥ рџьынџь дгьыл аҿы иҟалеит.

Ирацәаҩхааит, аҳәаанырцәынтәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара ҳәа иаауа ҳџьынџьуа. Урҭ рыԥсадгьыл аҿы наӡаӡа дара аԥшәымацәаны иҟалааит.

Ажәабжьқәа зегьы
0