АҞӘА, мшаԥы 27, Sputnik- Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Мшаԥы 26 рзы Аҟәа имҩаԥысит Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар ринструментқәа рыла ишьақәгылоу аоркестр раԥхьатәи аконцерт. Аоркестр еиднакылоит ҩынҩажәа ҩык инреиҳаны амузыкантцәа, напхгара аиҭоит Аҳәынҭқарратә оркестр асахьаркыратә напхгаҩы Денис Арухаа.
"Жәлар рмузыкатә рҳәагақәа рыла аус зуа ансамбльқәа рхыԥхьаӡара маҷуп. Аинструментқәа шахәҭоу еиԥш иӡыргам ҳәа сгәы иаанагоит. Ирацәоуп еиуеиԥшым астудиақәа жәлар рыкәашара аганахь ала, аха ҳус еиҳа ицәгьоуп, уи ҳамӡап, еиҳа аџьабаа ацуп. Аконцертә программа ахәаԥшҩы игәаԥхартә еиԥш ишьақәҳаргылеит. Аоркестр иалаҳҵеит аестрадатә инстументқәагьы, абжьы иарԥшӡап, иарбеиап ҳәа иазыԥхьаӡаны. Ауаа ргәаҵынӡа инеиртә еиԥш иаҳзыҟаҵар, жәлар рмузыкахь ихьаҳарԥшуеит. Ҳара ҳарҳәагақәа ҳамкыр, изаку ҳамҳәар, ҳаламцәажәар, даҽаӡәы уи зынӡыскгьы дазхьаԥшуам", — азгәеиҭеит иара ҩаԥхьа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Аконцерттә программагьы еиҿыикааит асахьаркыратә наԥхгаҩы Денис Арухаа. Иара арепертуар еиқәиршәеит аԥсуа жәлар рмузыкеи адунеи зегьы еицырдыруа акомпозиторцәа рырҿаимҭақәеи рыла. Урҭ рыбжьара Мадина Кәарацхьелиаԥҳа аԥсуа романсқәа налыгӡон.
Аконцерт ашьҭахь Sputnik Аԥсны акорреспондент адирижиори артистцәеи дрыҿцәажәеит.
"Ари раԥхьаӡатәиуп ҳгәыԥ ахатәы концерт. Сгәаанагарала ибзианы имҩаԥысит, — иҳәеит адирижиор Денис Арухаа. — Иахьа ахәаԥшцәа ирыдаагалаз апрограммала иаҳҳәар ҳҭахын ҳаԥсуа жәлар амузыкатә инструментқәа ишрылшо адунеитә классика арҳәара. Ҳаинструментқәа беиоуп, рылшара ыҟоуп иарбанзаалакгьы амелодиа дырҳәаратәы еиԥш".
Артист қәыԥш Камила Ҳаџьымԥҳа илҳәеит, аконцерт аҽазыҟаҵара иаҿужьҭеи акырҵуан ҳәа.
"Схаҭа ачамгәыр асырҳәоит, абаар шьҭа хәышықәса ҵуеит. Иахьа ахәаԥшцәа ирыдаҳгалаз амузыка ахәмарра даара ицәгьоуп, аха аҽазыҟаҵара ҳаҿуижьҭеи акырҵуан. Акомпозициақәа зегьы хазы-хазы ҳрыдтәаланы иаҳҵон. Ицәгьоу ыҟан, имариоу ыҟан, аха ҳгәы каҳмыжьеит. Иахьатәи аконцерт алҵшәақәа иаҳдырбоит ҳус збашамхаз", — лҳәеит лара.