Акциа "Георгиевская ленточка" хацыркын мшаԥымза 29 рзы

© Sputnik / Кирилл Брага / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАкция "Георгиевская ленточка" в городах России
Акция Георгиевская ленточка в городах России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеи атәылақәа 80 инарзынаԥшуа рҟны имҩаԥгахоит акциа "Бессмертный полк", 90 рҟынӡа тәыла рҿы имҩаԥгахоит акциа "Георгиевская ленточка".

АҞӘА, мшаԥы 30 – Sputnik. 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа Аиааира амш иазку акциа "Георгиевская ленточка" хацыркын мшаԥымза 29 рзы Аԥсны, иҳәеит радио Sputnik Аԥсны аефир аҿы Россотрудничество аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Евгени Павлов.

Празднование Дня Победы в Сухуме - Sputnik Аҧсны
"Москва Аҩны" аветеранцәа рзы аҳамҭақәа архиеит

 "Акциа "Георгиевская ленточка" аҽазыҟаҵара ҳаҿуижьҭеи акрааҵуеит. Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакрахь иаагоуп алентақәа. Еиуеиԥшым аиҿкаарақәа ҳадҵаалоит урҭ рзы. Ареспублика ахы аҵыхәа имҩаԥгахоит акциа. Иараан аволантиорцәа дара ауаа ирзыршалоит",  — иҳәеит иара.

Павлов иажәақәа рыла изҭаху дарбанызаалак илшоит Россотрудничество ахь днеины алента игарцгьы.

Аԥсны иҟоу Россотрудничество аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Евгени Павлов иҳәеит иара убасгьы "Сухумскии забег" рхы шаладырхәуа лаҵарамза 6 рзы.

"Ари спорттә ныҳәа духоит. Уи адагьы лаҵарамза жәба рзы имҩаԥысраны иҟоуп маланыҟәала аицлабра. "Дом Москвы" аҟынтәи асааҭ 9 рзы иҵҟьо алахәылацәа Гәылрыԥшь аиашьаратә ԥсыжырҭаҟынӡа инеины ашәҭшьыҵәрақәа шьҭаҵаны Аҟәаҟа ихынҳәуеит. Итрадициатәхаз  "Бессмертный полк" акәзаргьы изҭаху далахәуп", — иҳәеит иара.

Акциа "Бессмертный полк" хықәкны иамоуп Аџьынџьтәылатә еибашьра асолдаҭ игәалашәара анаӡаӡатәра.

Ажәабжьқәа зегьы
0