Ермантәыла анапхгаратә партиа Аԥыза-министр икандидатура ықәнаргылом

© Sputnik / Asatur YesayantsПротестующие перед отделением полиции, где предположительно находится Никол Пашинян (22 апреля 2018). Ереван
Протестующие перед отделением полиции, где предположительно находится Никол Пашинян (22 апреля 2018). Ереван - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ермантәыла амилаҭтә еизара аилатәараҿы лаҵарамза 1 азы атәыла Аԥыза-министр ҿыц далырхуеит.

АҞӘА, мшаԥы 30 — Sputnik. Ермантәыла анапхгаратә партиа Аԥыза-министр икандидатура ықәнаргылом ҳәа аҳәамҭа шыҟаҵоу азы адырра ауит РИА Новости, ЕАП анагӡаратә орган алахәыла, апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Едуард Шармазанов иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Пресс-конференция Никола Пашиняна (27 апреля 2018). Гостиница Marriott Armenia, Ереван - Sputnik Аҧсны
Ермантәылатәи аоппозициа Аиҳабыра зегьы ԥхьатәара ицарц рыдиҵоит

"Ари аӡбара еицҿакрыла ирыдкылоу акоуп. Иахьатәи аамҭазы зыда ԥсыхәа ыҟам ӡбарангьы ҳахәаԥшуеит", — ҳәа азгәеиҭоит Шармазанов.

ЕАП анагӡаратә орган алахәыла, апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Едуард Шармазанов иажәақәа рыла асеиԥш иҟоу аполитикатә шьаҿа иалнаршоит ареспубликаҿы аимак аԥырҟәҟәаара, аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара.

Ус шакәугьы ЕАП алхрақәа ирылахәхоит.

Мшаԥы 13 инаркны Ермантәыла имҩаԥысуан Серж Саргсиан Аԥыза-министрс иалхра иаҿагылаз амитингқәа.

Мшаԥы 23 рзы, ауаажәларра массала рықәгылара ашьҭахь Аԥыза-министр Серж Саргсиан инапынҵақәа аанижьит. Аԥыза-министр инапынҵақәа неигӡоит Карен Карапетиан.

Аоппозициаа Аиҳабыра зегьы ԥхьатәара ицарци анапхгара иатәу Ареспубликатә партиа аԥыхреи рзы иқәгылоит.

Мшаԥы 25 рзы аиҿкаара "Мой шаг" аҳәамҭа ҟанаҵеит Аԥыза-министр икандидатура ҳәа Никол Пашиниан икандидатура шықәнаргыло азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0