АҞӘА, лаҵара 4– Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Жәлар Реизара лаҵара 3 рзы реилатәараҿы иазхарҵеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара анапы зҵаҩыз наҟ-ааҟ аҵара аицазхаҵаразы Аиқәшаҳаҭра апроект.
Аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Гәарамиа иазгәеиҭеит аиқәшаҳаҭра ишамоу апроблемақәа.
"Аиқәшаҳаҭра атехникатәии аполитикатәии ҟазшьа амоуп. Атехникатә ҟазшьа аҵара аргаматәра апроцедуроуп, аполитикатә ҟазшьа: Аԥсни Урыстәылеи рҟны аҵара еиҟараны иԥхьаӡахоит", — иҳәеит иара.
Аминистр ихаҭыԥуаҩ иҳәеит наҟ-наҟ анапы шаҵаҩхо аҵаратә ҩаӡарақәа разхаҵаразы аиқәшаҳаҭра.
"Аԥсны аҵараз азакәан шыҟамгьы, урыстәылатәи аган аиқәшаҳаҭра аратификациа аҭара иақәшаҳаҭхеит", — иҳәеит Гәарамиа.
Адепутатцәа еицҿакрыла аиқәшаҳаҭра аратификациа арҭеит.