Леуан Кәарцхиа: ҳазхиоуп аԥсшьаратә аамҭазы ашәарҭадара аиҿкаара

© Sputnik / Томас ТхайцукОтдых в Абхазии
Отдых в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла Ахада Иусбарҭа ахада ихатыԥуаҩ, азиндырыҩ Гиви Габниеи, Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Леуан Кәарцхиеи адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны иалацәажәеит ашәарҭадара аиҿкаара аԥсшьаратә аамҭазы.

АҞӘА, лаҵара 5 – Sputnik. Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуаҩцәа азхиоуп аԥсшьаратә аамҭазы ашәарҭадара аиҿкаара, иҳәеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Леуан Кәарцхиа адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны.

Отдых туристов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Гарцкиа: аԥсшьаҩцәа амшын аҟәараҿы ршәарҭадара еиҿкаатәуп

"Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иааиуа акурорттә аамҭазы аԥсшьацәа рзы ашәарҭадара аԥҵареи ацәгьоурақәа ирҿагыланы ақәԥареи ирзырхоу аоперативтә-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит. Уи азы иҷыдоу аплан шьақәырӷәӷәоуп Аминистрцәа Реилазаара 2016 шықәсазы ирыдыркылаз ақәҵара инақәыршәаны", — иҳәеит Кәарцхиа.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит акурорттә аамҭазы ауааԥсыра рхыԥхьаӡара шеизҳауа еиԥш ишрыцло ацәгьоурақәагьы.

"Аплан аиқәыршәараан убасгьы иазгәаҭан еиуеиԥшым ашықәс аамҭақәа рзы Аԥсныҟа иаауа ауаа рхыԥхьаӡара шмаҷым. Ҳара иаауа аԥсшьаҩцәа ргәы рҽанызҵо адыррақәа раҳҭоит, зхатәы машьынала иаауа агәаларшәагақәа рзаҳшоит, урҭ агәаларшәагақәа рҿы иануп аҭелқәа, ианаҭахха иаарласны иахьасша", — еиҭеиҳәеит уи.

"Коӷониаԥҳа лымҩаду": аԥсшьаҩы ишәарҭадара иазкны

Аҭыԥантәи аинспекторцәеи ақалақьқәеи араионқәеи рхадара ахаҭарнакцәа иааиԥмырҟьакәа аԥсшьарҭатә ҩнқәа, асасааирҭақәа рҭагылазаашьа гәарҭоит.

"Аԥсшьарҭатә ҩнқәа, аџьармыкьақәа еиҳа ауаа ахьеизо аҭыԥқәа рҟны агәаҭарақәа мҩаԥыргоит", — иҳәеит Кәарцхиа.

Уи инаҷыданы аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусуаҩцәа хылаԥшра арҭоит ауаа аԥсшьацәа ирыдыргало аалыҵ, ацха, аҩы, егьырҭ ахкқәа.

Атәыла Ахада Иусбарҭа ахада ихатыԥуаҩ, азиндырыҩ Гиви Габниа иазгәеиҭеит атуристтә хырхарҭа иалахәу Аԥсны атәылауаа даара ишырацәоу, убри аҟнытә ашәарҭадара аиҿкаара акыр шаҵанакуа.

"Адунеи аҟны аԥсшьацәа рзы астандартқәа шьақәгылахьеит, зегь раԥхьа иргыланы уи ашәарҭадара ауп. Ҳара ҳгәы иаанагоит Аԥсныҟа иаауа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара ҵыԥх аасҭа еиҳахоит ҳәа, аха иҳамоу аграқәа ҳдыруеит", — иҳәеит Габниа.

Атәыла Ахада Иусбарҭа ахада ихатыԥуаҩ иазгәеиҭеит аԥсшьаратә аамҭазы ашәарҭадара аиҿкааразы аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи егьырҭ аусбарҭақәеи рнапы иану аусқәа нарыгӡаларц шахәҭоу.

"Амилициа анаҩс иҟоуп асанипидемстанциа, апрокуратура, аха ҳашьцылахьеит амилициа ақәыӷәӷәара. Убри азы атәыла Ахада адҵақәа ҟаиҵеит Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо араионқәа рҟны русура дарӷзӷәарц", — ациҵеит уи.

Ашәарҭадара иахьынӡахәҭоу ирӷәӷәахар Аԥсны аԥсшьаратә аамҭа қәҿиарала имҩаԥысуеит ҳәа азгәеиҭеит Гиви Габниа.

Ажәабжьқәа зегьы
0