Авандалцәа Харьков игыло Жуков ибаҟа ақәгара рыгәҭакын

© Фото : AvanessПамятник маршалу Жукову, Харьков
Памятник маршалу Жукову, Харьков - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Георги Жуков — Асовет Еидгыла Амаршал, СССР Атәылахьчара амиистр, иналукааша ар раԥхьагыла, ԥшьынтә Асовет Еидгыла Афырхаҵа, хыԥхьаӡара рацәала амедалқәеи аорденқәеи ианашьоуп.

АҞӘА, лаҵара 7 — Sputnik. Амҽыша ауха идырым џьоукы ирыгәҭаркит асоветс маршал Георги Жуков ибаҟа ақәгара ҳәа аанацҳауеит РИА Новости. Абри атәы Харьков ақалақь Ахада Геннади Кернес асоциалтә ҳақәа рҟны еиҭеиҳәеит.

 "Идырым џьоукы Аџьынџьтәылатә еибашьра иахысыз ргәалашәара иақәыжьцәарц рыӡбеит – Жуков ибаҟа ақәгара рҽазыршәеит. Ҳара уи аԥҳарҟәҟәааит" ҳәа иҩит феисбук аҟны Кернес.

 Кернес иара убасгьы иҳәеит аҭыԥантәи аполициа рахь ажәалагала ҟаиҵарц шигәҭаку, урҭ ақалақь абаҟақәа ирхылаԥшларц, аиҳаракгьы абҵара 8 лаҵара 9 рзы.

Геннади Кернес инаҵшьны иазгәеиҭеит афашизм иаҿагылан еибашьуаз рбаҟақәа, рмемориалқәа, риешьаратә ԥсыжырҭақәа хылаԥшра шрыҭалатәу.

 Георги Жуков — Асовет Еидгыла Амаршал, СССР Атәылахьчара амиистр, иналукааша ар раԥхьагыла, ԥшьынтә Асовет Еидгыла Афырхаҵа, хыԥхьаӡара рацәала амедалқәеи аорденқәеи ианашьоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0