Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Дбар асоциалтә ҳаҟны ицәыргаз амаҭқәа ирызкны: ауаа рзы ишәарҭам

© Sputnik / Томас ТхайцукРоман Дбар
Роман Дбар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асоциалтә ҳақәа рҟны ицәыргаз амаҭқәа рфотосахьа Аԥсны уи аԥхьа иҟамыз хкыуп ҳәа ацәажәара иашам ҳәа азгәеиҭеит аекологиа аинститут аиҳабы Роман Дбара Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Дбар асоциалтә ҳаҟны ицәыргаз амаҭқәа ирызкны: ауаа рзы ишәарҭам

"Ари иаҳамбац, Аԥсны иҟамыз ракәым, аҭыхшьа аобиектив иазааигәаны иҟаҵоуп, насгьы афон аҟны иубаратәы иҟоуп аобиектқәа идуушәа ишҭыху. Ари хҭысны иҟаӡам. Асоциалтә ҳақәа рҟны авиртуалтә процесс ус ҷыдала ицәырнагеит, хҭысшәа иҟанацеит, аха абиологиаҟны уи иаабац ауп. Еиҳарак зоура дууны аԥсабараҟны иҳамоу аҳәазақәа рҟынтәи аӡырлашәқәа роуп.  Урысшәала еиҭоугозар уи "уж" ҳәа изышьҭоу ауп. Дара хы-хкык ыҟоуп. Џьоукы ҩба роуп ҳәа азгәарҭоит. Акы аӡы иҭоуп, егьи иаабац ауп. Убри аӡы иҭоу Колхидатәи ҳәа аура метраки бжаки еиҳаны ианынаӡо ыҟоуп. Ауаҩы иԥырхагаӡам. Ишәарҭоу ахкы ҳәа ак ҳамоуп, уи ахымаҭ ауп, иахьыҟоугьы ашьхароуп, иара ус лассы ауаҩы иԥыхьашәо акәны иҟам, аҽаҵәахуеит", — ҳәа азгәеиҭеит Дбар.

Ажәабжьқәа зегьы
0