"Афорум хыкәкыс иамоу аекономика ашьҭыхразы иҟаҵатәу, астратегиа ахәҭаҷкәа ҳрылацәажәоит. Афорум рхы аладырхәраны иҟоуп Ҭыркәтәылантә, Урыстәылантә асасцәа, Аԥснынтә аҵарауаа. Астратегиа аԥҵоижьҭеи шықәсыки бжаки иреиҳауп. Уи анагӡаразы иаҭахуп азакәан ҿыцқәа рҭыжьра. Иаагозар, Аԥсны ахадареи Жәлар реизареи русеицура иадҳәалоу, убри астратегиа аԥсҭазаараҟны иалыршахарц аицәажәарақәа аҭахуп. Насгьы уи астратегиа аԥхьатәи ахәҭаҷ аҟны иарбан иара мҩаԥызго аинститут аиҿкаара. Уи макьаназ иҟаҵам. Афорум аҟны ари азҵаарагьы шьҭыхтәуп", — иҳәеит Габлиа.
Раԥхьатәи Амилаҭтә форум "Астратегиа-2025" мҩаԥысраны иҟоуп рашәара 2 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны.
Аусмҩаԥгатә еиҿыркаауеит Москватәи аԥсуа диаспора Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар рконгресси Ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспореи Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университети рыцхыраарала.