ВГТРК аусзуҩ дырхәит Донбасс ианалахысуаз

© Sputnik / Валерий Мельников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация в Донецкой области
Ситуация в Донецкой области - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ВГТРК аусзуҩ Игорь Уклеин дырхәит Донбасс ианалахысуаз.

АҞӘА, лаҵара 18 — Sputnik. ВГТРК аусзуҩ Игорь Уклеин дырхәит Донбасс ианалахысуазҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

ВГТРК аҭыхратә гәыԥ Донбасс ианалахысуаз иақәшәеит. Адыррақәа рыла иара убасҟан ауп данҭаха абатальон "Пятнашка" акомбат Олег Мамиевгьы.

Донецктәи жәлар рреспубликаҿы дҭахеит абатальон "Пятнашка" акомандир Олег Мамиев.

Командир батальона Пятнашка Олег Мамиев - Sputnik Аҧсны
Донецктәи жәлар рреспубликаҿы дҭахеит "Пятнашка" акомандир Олег Мамиев

Олег Мамиев "Мамай" ҳәа хьыӡшьараны измаз, ианашьоуп Донецктәи жәлар республика иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа. Мамиев дышҭахаз азы адырра ҟарҵеит аиҿкаара "Союз добровольцев Донбасса" асоциалтә ҳа "ВКонтакте" адаҟьақәа рҿы.

Олег Мамиев Донбассҟа Уаԥстәылантәи днеиит Киев аҳәынҭқарратә мчра анеиҭарк ашьҭахь. Деибашьуан, еиуеиԥшым аоперациақәа дрылахәын.

Донбасс иҭахахьеит еицырдыруаа командирцәа: Арсен Павлов (Моторола), Михаил Толстых (Гиви), Александр Беднов (Бэтмен), Алексеи Мозговои, Евгени Ишьченко (Малыш), Павел Дремов (Батиа).

2014 шықәса мшаԥымзазы украинатәи амчрақәа арратә операциа амҩаԥгара хацдыркит Лугансктәи жәлар рреспубликеи Донецктәи жәлар рреспубликеи рҿы. Абри аамҭала уа иҭахахьеит 10 000-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра.

Ажәабжьқәа зегьы
0