Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит аҳәынҭусбарҭақәеи аилакқәеи рхадацәа рзы Аусԥҟа

© Sputnik / Томас ТхайцукКабинет министров.
Кабинет министров. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада инапы аҵаиҩит аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи аилакқәеи рхадацәа рзы Аусԥҟа.

АҞӘА, лаҵара 21 – Sputnik. Лаҵара 21 рзы Аԥсны Ахада инапы аҵаиҩит аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи аилакқәеи рхадацәа рзы Аусԥҟа.

Абнатә нхамҩаз Аусбарҭа ахантәаҩыс дҟаҵоуп Анзор Ашьхацаа, уи араҟа аус иуан 2014 шықәса раахыс.

Кабинет министров республики Абхазия - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба инапы аҵеиҩит Аусԥҟа аминистри Аҳәынҭеилакқәа рхантәаҩцәеи рзы

Аҳәынҭқарратә статистика ахантәаҩыс дҟаҵоуп Кама Гогьиаԥҳа, уи араҟа аус луан 2016 шықәса раахыс.

Аҳәынҭқарратә архивтә Усбарҭа ахантәаҩыс дҟаҵоуп Роман Ӷәынџьиа, уи араҟа аус иуан 2014 шықәса раахыс.

Аветеренартәи афитосанитартәи хылаԥшразы Аусбарҭа ахантәаҩыс дҟаҵоуп Аркади Џьинџьиа, уи араҟа аус иуан 2016 шықәса раахыс.

Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аҳәынҭеилакы ахантәаҩыс дҟаҵоуп Баҭал Ҳагәыш.

Мшаԥы 24 рзы Рауль Ҳаџьымба ихы дақәиҭитәит Аԥыза-министр Беслана Барцыц. Аԥсны Аԥыза-министрс дҟаҵоуп Геннади Гагәылиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0