Гыцба: Аԥсны ацифратә технологиақәа ринтерес амоуп

© Фото : предоставлено Лашей Ашуба Инар Гицба
Инар Гицба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Петербургтәи аекономикатә форум (ПМЭФ-2018) аусура хацнаркит лаҵара 24 рзы, ацәыргақәҵатә центр "Экспофорум" аҿы.

АҞӘА, лаҵара 25 – Sputnik. Аԥснытәи аделегациа Санкт-Петербургтәи аекономикатә форум (ПМЭФ-2018) иалахәхеит. Аԥсны ацифратә технологиақәа ринтерес амоуп, урҭ ареспубликаҿы рхархәашьагьы ҭнаҵаауеит иҳәеит афорум алахәыла, Аҳәынҭқарратә инвестициатә маҵзура адиректор Инар Гыцба.

"Ацифратә технологиақәеи уи аусхк аҟны амаҵзурақәа рыҭареи адунеи аҟны иахьатәи аамҭазы аҿиара рыманы иҟоуп. Ҳаргьы абри аҭагылазаашьаҿы аӡәы ишьҭахь ҳгылар ҳҭахым. Уи адагьы араҟа иалацәажәоит акриптавалиута атема", — иҳәеит Гыцба.

Делегация из Абхазии участвует в экономическом форуме в Санкт-Петербурге - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи аделегациа Санкт-Петербургтәи аекономикатә форум иалахәхоит

Сынтәатәи ашықәс азы афорум "Создавая экономику доверия" алозунг иаҵагыланы имҩаԥысуеит. Афорум аҿы ирылацәажәахоит жәларбжьаратәи аекономикатәи аполитикатәи аспектқәа. Ирылацәажәараны иҟоуп ауаҩытәыҩсатә капитал аҿиареи аԥсҭазаара аноурылара аизырҳареи, атуризм аҿиареи, амедицина аиӷьтәреи уҳәа ртемақәа.

Гыцба иажәақәа рыла астол гьыжьқәеи аимак-аиҿакқәа рылахәхареи аԥсуа делегациазы иԥышәа хра рыманы ибоит.

Аԥсны ринтерес амоуп асоциал-економикатә ҟазшьа змоу азҵаарақәа, иҭышәынтәалам аполитикатә ҭагылазаашьаан, асанкциақәагьы абрахь иналаҵаны, аекономика аҿиашьа.

Афорум актәи амш аҽны Аԥснытәи аделегациа алахәын аимак-аиҿактә клуб "Валдай" аусура. Тема хаданы иалацәажәан: "Время назад. Политическое соперничество против экономического взаимодействия".

Аделегациа аилазаара иалахәуп Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа, Аекономика аминистр зхадараҿы дыҟоу аминистрра ахаҭарнакцәа.

Афорум ацентртә хҭыс ҳәа ишьоуп апленартә еилатәара. Аилатәара мҩаԥгахоит лаҵара 25 рзы. Аилатәара иалахәхоит Урыстәыла Ахада Владимир Путин, Франции апрезидент Емманиуель Макрон, Иапониа Аԥыза-министр Синдзо Абэе, адунеи атәылақәа рбизнеси рполитикеи рхаҭарнакцәа.

Афорум –аԥышәа аиуреи аинырреи рзы хра змоу ҭыԥуп ҳәа азгәеиҭеит Инар Гыцба.

Петербургтәи аекономикатә форум (ПМЭФ-2018) аусура хацнаркит лаҵара 24 рзы, ацәыргақәҵатә центр "Экспофорум" аҿы.

Петербургтәи аекономикатә форум иалахәхоит 15 000-ҩык рҟынӡа асасцәа, атәылақәа 100 рҟынтәи.

Афорум аусура хнаркәшоит лаҵара 26 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0