Двинианин: аҵак ду змоу ашьаҿа ҟаҵоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукПосол России в Абхазии Алексей Двинянин
Посол России в Абхазии Алексей Двинянин - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Ареспубликеи рыбжьара ахьыԥшымра азхаҵареи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылареи шымҩаԥгоу азы аҳәамҭа ҟаҵан лаҵара 29 рзы.

АҞӘА, лаҵара 29 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҵак ду змоу ашьаҿа ҟаҵоуп иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Ареспубликеи рыбжьара ахьыԥшымра азхаҵареи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылареи шымҩаԥгоу азы аҳәамҭазы Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин.

"Азин сышәҭ Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Владимир-иԥа Путин ихьӡала, Урыстәыла Адәныҟатәи аминистрра ахьӡала, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ахьӡала атәыла анапхгара, аиҳабыра, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, ҷыдала Даур Ақаҩбеи ирыдысныҳәаларц абри ахҭыс гәырӷьахә", — иҳәеит иара.

Ситуация в Сирии - Sputnik Аҧсны
Шьамтәылатәи Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеит

Аԥсны азхаҵара ахҭыс аҟалара иацхрааит: Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Геннади Гагәылиа рыла ишьақәгылаз Аԥснытәи аделегациа 2017 шықәса нанҳәамзазы Шьамтәылатәи ареспублика раҭаара. Усҟан урҭ алахәын Дамасктәи жәларбжьаратәи аиармарка. Аԥсуа делегациа авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥган адәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа реицәажәарақәа, реинырра. Аԥсны аекономика аминистр Адгәыр Арӡынбеи Шьамтәыла адәныҟатәи аекономика аминистр Муҳаммед Самер Халили алацәажәеит ԥхьаҟатәи реинырра.

2018 шықәса мшаԥымзазы Аԥсны атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит Шьамтәыла ацхраара ишазыхиоу азы.

Еиуеиԥшым адыррақәа рыла, 500 000-ҩык рҟынӡа аԥсуаа нхоит ртәыла анҭыҵ. Адиаспора ду нхоит Ҭырқәтәыла, ирацәаҩуп Шьамтәыла, иҟоуп Европа, Америка, Канада инхо. Зынӡа 60 тәыла рҟны инхоит аԥсуа хылҵшьҭрақәа.

Лаҵара 28 рзы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарреи, Шьамтәылатәи Арабтә республикеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рыцҳаражәҳәаҩцәа Урыстәылатәи Афедерациаҟны реиԥылара. Аиԥылараан ацҳаражәҳәаҩцәа акоммиунике атекст еицрыдыркылеит, иахәҭаны иҟаз ашәҟәқәагьы еимырдеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0