Киев ажурналист Аркади Бабченко дыршьит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ Киеве убит журналист Аркадий Бабченко
В Киеве убит журналист Аркадий Бабченко - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аркади Бабченко аус иуан арратә корреспондентс агазеҭқәа "Московски комсомольци" "Новаиа газетеи" рҿы, аус рыциуан "Первыи каналы" ТВЦ-и, ақырҭуа-ауаԥс еимак акьыԥхь аҟны далацәажәон. Киев ажурналист ателеканал ATR аҟны апрограмма "Prime: Бабченко" амҩаԥгаҩыс дыҟан.

АҞӘА, лаҵара 30— Sputnik. Киев дыршьит Урыстәыла атәылауаҩ, ажурналист Аркади Бабченко, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Украина Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"102-тәи ацәаҳәахьы адырра ҟарҵеит аҳақьымцәа: дара аҭел ирзасыз аԥҳәыс илҳәеит лхаҵа ауадаҟны ашьа даганы дшылбаз. Ахаҵа имаз ахәрақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит", — ҳәа арбоуп адырраҭараҿы.

Ауаҩшьра ҟалеит Днепровски араион, Никольско-Слободскаиа амҩаҿы. Уахь инеиит ашьаусҭҵаара-оперативтә гәыԥ.

Украинатәи ателеканал ATR адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Аидер Муджабаев ишьақәирӷәӷәеит ажурналист ишиехсыз.

Ажәабжьқәа зегьы
0