АҞӘА, лаҵара 30 – Sputnik. Шьамтәылеи Урыстәылеи реизыҟазаашьа бзиа иахьатәи амш ахь ҳкылнагеит иҳәеит радио Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭаз Аԥсны Жәлар реизара адепутат Баҭал Тапаӷәуа.
"Шьамтәыла, ҳәарада, еилнакаауеит Урыстәылатәи Афедерациа ианаҭо адгылара, аинтересқәа ишрыцхраауа. Иахьазы Шьамтәыла иҟанаҵаз ашьаҿагьы раԥхьа иргыланы уи ауп изыбзоуроу", — иҳәеит иара.
Апарламент адепутат иара убасгьы иҳәеит азхаҵара амҩаԥгара мышкала иуӡбо зҵаараӡам, уи иаԥхьанеиуеит аганқәа русеицура ҭбаа, реинырра ҳәа, иагьазгәеиҭеит Адәныҟатәи аусқәа рминистррагьы абри аус аҟны рлагаламҭа акыр идууп ҳәа.
Баҭал Тапаӷәуа Sputnik еиҭаз аинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>
Баҭал Тапаӷәуа иазиԥхьаӡоит иарбанызаалак азхаҵара лҵшәа шамам атәыла аҩныҵҟа аҭагылазаашьа аҭыԥ иқәымлар.
"Атәыла аҩныҵҟа ауааԥсыра рыԥсҭазаара бзиамхар, акгьы аҽеиҭанакуам. Уи зылшоны иҟоу ҳара ҳауп. Адунеи атәылақәа зегьы ҳазхарҵаргьы, ООН ҳаларҵаргьы ҳара ҳхаҭа, ҳхатә ҳәынҭқарра ишахәҭоу еиԥш ианаҳзеиҿымка, акгьы аҽеиҭанакуам", — иҳәеит иара.
Иара убри аан азхаҵара атәыла аҿиаразы ихәарҭоуп иҳәоит адепутат.
Баҭал Тапаӷәуа иазгәеиҭеит Аԥсны егьырҭ атәылақәа рзы аекономикеи асоциалтәи акурорттәи усхки рыла егьырҭ атәылақәа аднахало ианыҟалалак, жәларбжьаратәи азхаҵара аҿиара атәгьы ҳҳәар ҟалоит ҳәа.
"Активла аус рыдулалатәуп Ҭырқәтәыла, Иран реиԥш иҟоу атәылақәа. Аиҳаракгьы Ҭырқәтәыла. Уа ҳадиаспора ражәа акралнадо иҟоуп", — иҳәеит иара.
Азхаҵара ахҭыс аҟалара иацхрааит Аԥснытәи аделегациа, злахәыраҿы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Геннади Гагәылиа ыҟаз 2017 шықәса нанҳәамзазы Шьамтәылатәи ареспублика раҭаара. Усҟан урҭ алахәын Дамасктәи жәларбжьаратәи аиармарка.
"Усҟан имҩаԥган адәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа реицәажәарақәа, реинырра", — иҳәеит аминистр ицхырааҩ.
Аԥсны аекономика аминистр Адгәыр Арӡынбеи Шьамтәыла адәныҟекономика аминистр Мухаммед Самер Халили алацәажәеит ԥхьаҟатәи реинырра.
2018 шықәса мшаԥымзазы Аԥсны атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит Шьамтәыла ацхраара ишазыхио азы.
Еиуеиԥшым адыррақәа рыла 500 000-ҩык рҟынӡа аԥсуаа нхоит ртәыла анҭыҵ. Адиаспора ду нхоит Ҭырқәтәыла, ирацәаҩуп Шьамтәыла, Европа, Америка, Канада инхо. Зынӡа 60 тыла рҟны инхоит аԥсуа хылҵшьҭрақәа.
Лаҵара 28 рзы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарреи, Шьамтәылатәи Арабтә республикеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рыцҳаражәҳәаҩцәа Урыстәылатәи Афедерациаҟны реиԥылара. Аиԥылараан ацҳаражәҳәаҩцәа акоммиунике атекст еицрыдыркылеит, иахәҭаны иҟаз ашәҟәқәагьы еимырдеит.