Гыцба: Шьамтәыла ашьаҿа егьырҭ рзы иҿырԥшыгахар алшоит

© Sputnik / Томас ТхайцукИнар Гицба на торжественном заседании к 25-летию МИД Абхазии в Кабинете Министров 17 мая
Инар Гицба на торжественном заседании к 25-летию МИД Абхазии в Кабинете Министров 17 мая - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Ареспубликеи рыбжьара ахьыԥшымра азхаҵареи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылареи рзы аҳәамҭа ҟаҵан лаҵара 29 рзы.

АҞӘА, лаҵара 30 – Sputnik. Шьамтәыла ашьаҿа егьырҭ рзы иҿырԥшыгахар алшоит иҳәеит радио Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭаз Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа ҷыдақәа змоу Ацҳаражәҳәаҩ Инар Гыцба.

Ситуация в Сирии - Sputnik Аҧсны
Шьамтәылатәи Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеит

"Ҳара ҳгәыӷуеит Шьамтәыла ашьаҿа егьырҭ гәыкала иаҳзыҟоу, Иран, Ливан реиԥш атәылақәа рзы иҿырԥшыгахар алшоит ҳәа", — иҳәоит Гыцба.

Аԥсныи Шьамтәылеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара, ҳҳәынҭқарра ахьыԥшымра арабтәи ареспублика иахьазханаҵаз иаанарԥшуеит Аԥсны асуверинитет аҽазышәара аҵаҵӷәы аманы ишыҟоу. Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы уи ус шакәу еилыркаауа иалагеит атәылақәа жәпакы рҿы иҳәеит Гыцба.

Гыцба иажәақәа рыла азхаҵара иаанартуеит алшара ҿыцқәа, адиалог амҩа аконсултә зҵаарақәа рыӡбраҿы, арепатриантцәа ртәылауаҩшәҟәқәа рыԥсахраҿы, иахәҭаны иҟоу адокументқәа рыԥсахраҿы.

ООН Аԥсны аҩызцәа рхыԥхьаӡара иацлоит Шьамтәыла азхаҵара анрыланаҳәа ашьҭахь, избанзар ШьАР Мрагылара Ааигәаҿтәи атәылақәа рҟынтәи адгылаҩцәа маҷымкәа иамоуп. Уажәы Аԥсны иаиуеит алшара урҭ атәылақәагьы рнырразы ҳәа ишьоит Ацҳаражәҳәаҩ.

Азхаҵара ахҭыс аҟалара иацхрааит Аԥснытәи аделегациа, злахәыраҿы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Геннади Гагәылиа ыҟаз 2017 шықәса нанҳәамзазы Шьамтәылатәи ареспублика раҭаара. Усҟан урҭ алахәын Дамасктәи жәларбжьаратәи аиармарка.

Ираклий Тужба - Sputnik Аҧсны
Шьамтәылатәи Ареспублика Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵарц аусура ду аԥхьанеиуан

"Усҟан имҩаԥган адәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа реицәажәарақәа, реинырра", — иҳәеит аминистр ицхырааҩ.

Аԥсны аекономика аминистр Адгәыр Арӡынбеи Шьамтәыла адәныҟекономика аминистр Мухаммед Самер Халили алацәажәеит ԥхьаҟатәи реинырра.

2018 шықәса мшаԥымзазы Аԥсны атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит Шьамтәыла ацхраара ишазыхио азы.

Еиуеиԥшым адыррақәа рыла 500 000-ҩык рҟынӡа аԥсуаа нхоит ртәыла анҭыҵ. Адиаспора ду нхоит Ҭырқәтәыла, ирацәаҩуп Шьамтәыла, Европа, Америка, Канада инхо. Зынӡа 60 тыла рҟны инхоит аԥсуа хылҵшьҭрақәа.

Лаҵара 28 рзы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарреи, Шьамтәылатәи Арабтә республикеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рыцҳаражәҳәаҩцәа Урыстәылатәи Афедерациаҟны реиԥылара. Аиԥылараан ацҳаражәҳәаҩцәа акоммиунике атекст еицрыдыркылеит, иахәҭаны иҟаз ашәҟәқәагьы еимырдеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0